Sputnik аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥысыр ҟалоит ауадабжьара адашьма аҟынгьы.
Дарбанзаалак аӡӷаб: афото ҭылхуеит ашьха ашьапаҿы. Sputnik акорреспондент Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа: лфото ҭылхуеит еиқәылаз аҟьымсар амҵан.
Аусурагь бзиоуп, аха ианаамҭоу акрыфарагь аҭахуп, иагьа хара уҟазаргьы.
Мап, Sputnik ажурналистцәа ахшараиураҭаҿ акәӡам иахьыҟоу, урҭ анҵамҭа ҟарҵоит аковид хәшәтәырҭаҿ.
Ирҳәоит аԥара астресс ухнагоит ҳәа. Аредактор-аҭыжьҩы Лида Нестерова Sputnik аҟны абас лус налыгӡоит.
"Аԥырра сҭахуп..." Акорреспондент Бадри Есиава иусура аамҭаз цәгьа ибом игәахәтәы анагӡара.
SMM-аредактор Салима Лабиа амра атыҩ ианакыз иџьашьаны дахәаԥшуеит.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа здыруа рацәаҩуп, ауаа урҭ рыбжьалагьы изусҭцәоу еилыркаауеит, аха урҭ рыбжьы цқьаны аефирахь изышьҭуа здыруа маҷҩуп. Ари афото аҿы - абжьырежиссиор Индира Арышԥҳа.
Аусура убраанӡа унанагоит, ушьақәыӷәӷәара халартә еиԥш, аха уколлегацәа иаразнак иудгылан аҳақьым иусгьы нарыгӡоит.
Акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба атәылаҿы аилаҩеиласрақәа аныҟоугьы, аромантика ицуп.
Sputnik Аԥсны абжьы ахазҵо. Аиашаз, ара зегьыҵәҟьа ыҟаӡам.
Аредактор-аҭыжьҩы лус амшын аҵантәи иаагоу ахаҳәи иареи зеибакапануам.
Амонтажҟаҵаҩ Адгәыр Аҩӡба ицәахаамҭаз ифото ҭыхуп.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа иарбан митингзаалак дазхиоуп.
Аредактор-аҭыжьҩы Рада Ажьиԥҳа ажәабжьқәа аԥсшәахь реиҭагара анлықәшәа аамҭаз.
Аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәараан акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба икәалаԥ иҭаҵәаху ишьал аацәыригоит.
Зегь еицырдыруа Томас Ҭҳаиҵыҟә Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавровгьы дидыруеит.
Зегь збарҭоу Sputnik абла шәахьыҟазаалак шәаԥшаауеит, уи шәара ишәызгәамҭозаргьы.
Sputnik Аԥсны - аашықәса раахыс аԥхьаҩцәа иҿыцу ажәабжьқәа рыла шәзыргәырӷьо аҭаацәара ду. Sputnik, уадныҳәалаз уира амш!