Аԥсны

Жәҩан иаларсоу: Аԥснытәи ашьхақәа рыԥсабарасахьа

Жәларбжьаратәи ашьхақәа рымш азы аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиқәнаршәеит ҳтәыла ашьхақәа рыԥсабарасахьа зныԥшуа афотолента.
Sputnik
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа хада аҟны ирыларҳәеит 2002 шықәса Жәларбжьаратәи ашьхақәа ирышықәсны, иагьаԥырҵеит Жәларбжьаратәи ашьхақәа рымш азгәарҭаларц ԥхынҷкәын 11 рзы.
Аԥсны беиоуп аԥсабарасахьала ауаҩы дхызхуа ашьхеибаркырақәа рыла. Ашьхақәеи амшын аҿықәи, ажәҩан иаласоу ашьхақәеи - еиҭаҳәашьа змам аԥсабара аԥшӡара есышықәса иаднаԥхьала атуристцәа рацәаҩуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы акәзар, ӡынгьы-ԥхынгьа ашьха аԥсшьара итрадициахеижьҭеи акрааҵуеит.
Жәларбжьаратәи ашьхақәа рымш азы аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиқәнаршәеит ҳтәыла ашьхақәа рыԥсабарасахьа зныԥшуа афотолента.
1 / 10

Аԥсны ашьхаҳаракырақәа рыҟны ирацәоуп иршанхагоу аӡиақәа. Асахьаҟны: аӡиа Анаан, иара ыҟоуп ашьхаҟьаҟьара Ҽадымҩа.

2 / 10

Ишдыру еиԥш ашьха ӡиақәа зегь кәеи-кәеиуеит.

3 / 10

Аԥсуаа жәытә аахыс ашьхақәа иԥшьоу ракәны ирԥхьаӡоит, убри аҟнытә иҟалом ашьхаҭыԥқәа рыҟны ишакәым ахымҩаԥгара, аӡиақәа рыҟны аҽыкәабара уҳәа.

4 / 10

Аԥсны адгьылҵакыра 70% ашьхақәа иааныркылоит.

5 / 10

Ашьхақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш атуристцәагьы здызхало ҭыԥуп.

6 / 10

Ареспубликаҟны аӡынтәи атуризм аҿиара маҷӡоуп, аха аԥхын ирацәоуп хырхарҭа рацәала изҭаауа аҭыԥ пшӡарақәа.

7 / 10

Аӡын аӡиа Риҵа.

8 / 10

Ҭагалан ашьхаратәи арха.

9 / 10

Аӡиа Дерикәара, Ҭҟәарчал араион аҟны.

10 / 10

Ашьхаҳаракыратә ӡиа Дерикәара даҽа ракурск ала.