Александр Анқәаб диит ԥхынҷкәын 26 1952 шықәса рзы Аԥснытәи АССР аҿы.
1974 шықәса рзы Анқәаб далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет аиуристтә факультет. Аҟаза қәыԥш изанааҭ ала аусура далагеит Аԥснытәи АССР Аиустициа аминистрраҿы, Гәдоуҭатәи араиком акомсомол амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, Гәдоуҭатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәша деиҳабын.
1983 - 1990 шықәсқәа рзы Анқәаб Қырҭтәылатәи ССР аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан, аха ақырҭуа еиҳабыра рыбжьара Аԥсни аԥсуаа рганахьала ацәымӷрақәа шьҭыҵуа ианалага, иусура шаанижьуа азы арапорт иҩын, Аԥсныҟа дхынҳәит.
1991 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далхын, 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ареспублика Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы далахәылан.
1994 - 2004 шш. рзы Анқәаб дынхон Москва, абизнес инапы алакын.
2005 шықәса рзы иара Аԥсны аԥыза-министрс дҟарҵеит, ари амаҵура дахагылан 2010 рҟынӡа. 2010 шықәса жәабранмзазы Анқәаб Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩс дҟалеит, 2011 шықәса нанҳәамзазы - Аԥсны ахадас, иара ари амаҵура дахагылан 2014 шықәса рҟынӡа.
2017 шықәса рзы Александр Анқәаб Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс далырхит, 2020 шықәса рзы ареспублика аԥыза-министр имаҵура дахадыргылеит.
Анқәаб дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәа драбуп.