Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа аԥсаӡ ада ҟалашьа амам. Аԥсны араионқәа зегьы рҟны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп, ԥшшәы рацәала, еилаарцыруа аԥсаӡқәа рхиоуп.
Ҳтәыла ахы-аҵыхәа аԥсаӡқәа ахьгылоу иаҭаауа ауаа рзы еиуеиԥшым атетралтә қәгыларақәа мҩаԥыргоит, аха-мыхаақәа рҭиуеит, ажәакала, хәыҷи-дуи рзы аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵоит.