Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьниаԥҳа Афилармониа аусура 2022 ашықәс азы

Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалакәа ҟалҵеит, 2023 шықәсазы иазгәаҭоу проектқәак ртәы еиҭалҳәеит.
Sputnik
2022 ашықәс мыцхәы иҭынчзаргьы ҟаларын Афилармониазы ҳәа азгәалҭеит Џьниаԥҳа арадиоефир аҿы.
"Ҩышықәса аус ҳауӡомызт аҟынтә хәыҷык иаҳцәыуадаҩхеит ауаа азал ахь рнагара. Афинанстә цхыраарада жәа-концерт ҳхала имҩаԥаҳгеит. Зынӡа иаадкыланы 70 проект ҳасценаҿы имҩаԥган. Хышықәса раахыс иҳамаз апроект дуқәа аанкылоуп. Сынтәа Ашықәс ҿыцтәи аконцертгьы ҳзымҩаԥымгаӡеит, ацхыраара ахьыҟамыз иахҟьаны. Ус еиԥш иалҵит агәыԥ "Анатрио" аконцертгьы. Иара азгәаҭан иҳаман, аха ииаҳгар акәхеит", - ҳәа лҳәеит Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы.
Есма Џьниаԥҳа лажәақәа рыла иҳаҩсыз ашықәс азы акырӡа зҵазкуаны проектны иҟан Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз ашәаҳәаратә еицлабра, уи еиҭа ишацҵахо азы агәыӷра ду лымоуп.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.