Аԥсны

Очамчыра аҩнамцакра иахҟьаны хаҵак дҭахеит

Очамчырантәи Аԥсны АҶА ашҟа аддыра ҟарҵеит ахәылбаҽха ажьырныҳәа 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Очамчыра иҟалаз аҩнамцакра иахҟьаны хаҵак дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аиқәырхаҩцәа адырра роуит асааҭ 21:35 рзы Очамчыра ақалақь Папасқьыр имҩаду аҟынтәи амҽыша, ажьырныҳәа 8 рзы. Дара аннеи аҩны аҩбатәи аихагылеи ахыби зегьы амцабз ахыҵәахьан.
Амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба аус руан, актәи аихагыла ааха амаиуӡеит. Аха аҩны аԥшәма иеиқәырхара залмыршахеит.
Амцакра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.