Аԥсны

Приморск аидарамҩангага машьына хышәҭит

Иҟалаз ахҭыс азы Аԥсны АҶА адырра роуит асааҭ 13:22 рзы аҩаша ажьырныҳәа 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Абӷанҷ згоз аидарамҩангага машьына хышәҭиҭ Гәдоуҭа араион Приморск иахьаҵанакуа ажьырныҳәа 10 рзы.
Амҩан иҟалаз амашәыр аҟны аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аиқәархаҩцәа амҩа ианыжьлаз абӷанҷ аныргеит. Амҩан амашьынақәа рныҟәараз еиҵахара ҳәа акагьы ыҟаӡам.