Шәача амҩан амашьынақәа реиҿасраан аӡәы дҭахеит

Амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны амашьынақәа реишьҭаглара рацәахеит, аҭыԥ аҟны аиқәырхаҩцәеи, ацхыраара ласи, амилициеи аус руеит
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Шәача Ленин имҩаду аҟны амашьына ласқәа жәба ааихеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААР Краснодартәи атәылаҿацә апресс-маҵзура.
"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амашьынақәа BMW, Mercedes рыԥсҟы зкыз аладараҿ ашәарҭадаратә амҩа абжьаӡареи аццакыреи иахьрықәымныҟәаз иахҟьаны раԥхьа игылаз амашьынақәа ирыжәлеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иҟалаз амашәыр иахҟьаны амашьына KIA аԥсҟы зкыз дҭахеит. Даҽа гәыԥҩык аахақәа роуны ахәшәтәырҭахь инагоуп.