Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амза аҳауаԥхарра акыр ҳаргәырӷьеит. Аиҳарак ҽынла +6 градус ыҟан, аҳауаԥхарра алаҟәра агәгьы иҭамызт.
Аҟәа инхо ауааԥсыра рзы арҭ амшқәа гәахәарыла ирыдыркылеит, ас амш ианырнаҭа дара гәырӷьаҵәа амшын аԥшаҳәаҟны илаҩеиуан, ахәыҷқәеи дареи амшын иахԥшыло амра рҽаҭаны итәан.
Атуристцәа ракәзар ргәырӷьара ҳәаа амамызт. Амшынӡы аҟәандара аҽыкәабаразы илаҟәызаргьы, дара аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаауан.