Аԥсны

Абзиабара аҭоурых: "Агәхыхҩы" Аԥсуа театр аҿы

Аԥсуа драмтә театр аҿы Достоевски ироман "Бедные люди" ала Владимир Симановски ипиеса иалху аспектакль ҿыц "Агәхыхҩы" ("Ловелас") апресса идырбан.
Sputnik
Аспектакль "Агәхыхҩы" аҿы еиҭаҳәоуп Макар Девушкини Варенька Добросоловеи рыбзиабара аҭоурых. Аспектакль афырхаҵа хада ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа, афырԥҳәыс хада – актриса Амра Начҟьебиаԥҳа.
Ақәыргыламҭаҿы ахархәара аҭоуп арежиссиортә маана. Уи ахәаԥшцәа аспектакль азал аҟынтәи акәымкәа асценаҿ иҟоушәа агәаанагара рнаҭоит.
Фиодор Достоевски ироман "Бедные люди" ала аспектакль "Агәхыхҩы" ("Ловелас") аԥхьарбара ҟалоит жәабран 15 - 16 асааҭ 19:00 рзы.
1 / 14

Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль "Агәхыхҩы" апресс-рбара.

2 / 14

Уи шьаҭас иамоуп Фиодор Достоевски ироман "Бедные люди".

3 / 14

"Агәхыхҩы" аҿы еиҭаҳәоуп Макар Девушкини Варенька Добросоловеи рыбзиабара аҭоурых.

4 / 14

Макар уажәшьҭа дагьқәыԥшым, аха аҭыԥҳа Варенька бзиа дибоит, длывагьежьуа далагоит.

5 / 14

Аха иҟаиҵо зегь башоуп, Варенька ҽаӡәы диццоит.

6 / 14

Ари иахҟьаны аԥсҭазаара ицәымӷхеит.

7 / 14

Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба.

8 / 14

Иара убасгьы иара ари аспектакль асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩсгьы дыҟоуп.

9 / 14

Аспектакль афырхаҵа хада ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа.

10 / 14

Аспектакль иара убасгьы иалахәуп Розита Ҭаниаԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Леон Кур-оӷлы.

11 / 14

Варенька лроль налыгӡоит актриса Амра Начҟьебиаԥҳа.

12 / 14

Ақәыргыламҭаҿы ахәаԥшцәа аспектакль азал аҟынтәи акәымкәа асценаҿ иҟоушәа агәаанагара роуртә иҟаҵоуп.

13 / 14

Ахәаԥшцәа асценаҿы итәоуп, аспектакль ахҭысқәа зегьы агәҭа иагәылагылоуп.

14 / 14

Аспектакль "Агәхыхҩы" ("Ловелас") аԥхьарбара ҟалоит жәабран 15 - 16 асааҭ 19:00 рзы.