Аԥсны

Амҩа иқәхаз аӡын: сыла иҭаҳәҳәоу Аҟәа

Мышқәак ҵуеит Аԥсны асоура иаҿуижьҭеи. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иахьа сыла ишҭаҳәҳәаз зну афотосахьақәа шәрыхәаԥш Sputnik афотолентаҿы.
Sputnik
Аԥсны асы млеижьҭеи акыр ҵуан. Аха аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, иааиуа амчыбжь зегьы асоура иаҿызаауеит.
Арҭ рҩызцәа амшқәа раан ауаа реиҳараҩык аҩны иаангыланы, аԥхарраҿы раамҭа рхыргоит. Аха, ҳәара аҭахума, иҟоуп адәахьы ицәырҵны ахәырдхәырдҳәа асы зыԥуа, асеигәыдҵа ихәмаруа, асырбылгьа ҟазҵо.
1 / 11

Мышқәак ҵуеит Аԥсны асоура иаҿуижьҭеи.

2 / 11

Агаҿа асы уиаҟара изламлеиуа ала, уи збаз ахәыҷқәа даара иеигәырӷьоит.

3 / 11

Абас ауп ишыҟоу аӡынтәи алакә Аҟәа - аҩнқәеи ашәаԥыџьаԥи ибыбышӡа сыла рыҽҭарҳәҳәеит.

4 / 11

Сынтәатәи аӡын даара иԥхарран, убри азы ипытыз ашәҭқәа рацәоуп.

5 / 11

Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, иааиуа амчыбжь зегьы асоура иаҿызаауеит.

6 / 11

Аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы игылоу апальмақәа уажәы еиҳагьы иԥшӡахеит.

7 / 11

Ариабжьарак зны-зынла ақәабасабаа ауан азы, џьара-џьара асы шьҭамгылаӡеит.

8 / 11

Шьоукы-шьоук ари аҩыза аԥсабара рбарц ақалақь аҿы инеиааиуеит.

9 / 11

Аиашазы, иџьоушьаша ланарԥшыроуп амшын аҟәара абас сыла иахьыхҩоу, ацәқәырԥа ашәахи аси рҳәаа анузгәамҭо ссиршәа иҟоуп.

10 / 11

Аҳҭнықалақь амҩақәа ҟьҵәымлакәӡа иҟоуп.

11 / 11

Шьапыла амҩа анылара аҵкьыс маланыҟәала удәықәлар еиҳа иузеиӷьуп, ус ушьапқәа мбааӡаргьы ҟалоит.