Аԥсны

Ашьхақәа рышьҭыбжь: Чечентәылатәи артистцәа Аԥсны рықәгылара

Хәажәкыра 13 инаркы 17 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуан Чечентәыла акультура амшқәа.
Sputnik
Мышқәак рыҩнуҵаҟа аԥуса хәаԥшҩцәа алшара рыман Чечентәыла атеатртә ҟазара абара - РУСДРАМ аҟны идырбан Лермонтов ихьӡ зху аҳәынтқарратә драматә театр аспектакль "Бела", Аҳәынҭфилармониаҟны имҩаԥган Аднан Шахбулатов ихьӡ зху Чечентәылатәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟазацәа рконцерт.
Чечентәыла акультура амшқәа хыркәшахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны Чечентәыла Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль "Ваинах" имҩаԥнагаз аконцерт ала.
1 / 13

Аԥсны Чечентәыла акультура амшқәа мҩаԥысит қәҿиара дулла.

2 / 13

Чечентәыла акультура амшқәа аанартит РУСДРАМ аҟны, Лермонтов ихьӡ зху аҳәынтқарратә драматә театр инанагӡаз "Ҳаамҭазтәи афырхаҵа" ("Герой нашего времени") амотив ала аспектакль "Бела".

3 / 13

Грозныи Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр ақәыргыламҭа.

4 / 13

Аԥсуа хәаԥшҩцәа ргәалаҟазаара шьҭырхуан ачечен музыкантцәа.

5 / 13

Аднан Шахбулатов ихьӡ зху Чечентәылатәи аҳәынҭқарратә филармониа артистцәа рықәгылара ахәаԥшцәа ԥҳаррак рзыннажьит.

6 / 13

Аԥсны анапхгарагь чечентәылатәи артистцәа рҟазара азҿлымҳара арҭеит.

7 / 13

Чечентәылатәи амузыканцәа амилаҭтә амузыкатә рҳәагақәа рыла амелодиақәа нарыгӡеит.

8 / 13

Ахкынагӡаҩцәа ракәзар, рыбжьа хаала ахәаԥшцәа ргәаҵа иҭысит.

9 / 13

Ансамбль "Ваинах" акәашацәа рышәҵатәы хьтәы еимхәыцла иқәҵан.

10 / 13

Акәашарақәак рыҟны ахархәара рыман амилаҭтә ажәытә маҭәарқәа.

11 / 13

Ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи реиԥш, адаул асҩцәагьы ҟазара ҳаракыла ихәмарит.

12 / 13

Ачечен жәлар - аԥсуаа ҳаиԥш, ишшьхаруаа жәларугьы, ҳкультурақәа акырӡа аиԥшымзаара рымоуп.

13 / 13

Уи ус шакәу ахәаԥшцәа лабҿаба ирбарҭан, иреиӷьу Чечентәылатәи артистцәа рҟазара гәырҭәыла иахьахәаԥшуаз.