Аԥсны

Раԥхьатәи аԥхарамш: Аԥсны ашәхымс иаахгылеит ааԥынра

Sputnik
Иҟалап ахьшәашәареи аԥша ҵәҵәи зцыз аӡынра хьаҵзар. Аҳауа аԥхарра +21°C рҟынӡа ишьҭыҵит, аҳҭнықалақь ауааԥсыра амра ашәахәақәа гәхьаазгоз русқәа ааныжьны, ааԥынтәи амырхәага рыхьдыршарц адәахьы идәылҵит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишырҳәо ала, макьана изаацәоуп агәырӷьара. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иазгәаҭоуп ахьшәашәахара, уи моу иҟало аҵаақәагь Аԥсны иахькьысуеит.
Уаҵәы инаркны ақәоура иалагоит, анаҟә хылоит, уи моу ашьхарԥырахь ақәаба-сабаа леиуеит. Аха арҭқәа зегьы уаҵәа. Иахьа - ааԥынроуп.
1 / 12

Аӡынра ашьҭахь иааларҟьаны иахьа Аԥсны иԥхаррахеит.

2 / 12

Аҳҭнықалақь ауааԥсыра хәыҷи-дуи амра ашәахәақәа рҽарҭеит.

3 / 12

Иацтәи ақәоура ашьҭахьгьы адгьыл бахҵәаҵәараӡа иҟан.

4 / 12

Амш ахаара аиҩызцәа еиднакылеит.

5 / 12

Аԥсны ауааԥсыра аԥхарра иашьцылоуп.

6 / 12

Иахьатәи аԥхарра аӡәгьы иеиҩижьыр иҭахымызт.

7 / 12

Ажәлар рыҟны ирҳәоит аԥхаррақәа Амшаԥныҳәа ашьҭахь ауп ианааиуа ҳәа.

8 / 12

Аха ааԥын шааиз убартә зегьы ирныруеит...

9 / 12

...аԥсабарагьы.

10 / 12

Уажәнатә ақалақь аҟны изызҳауа ашәҭқәа гәылԥтит.

11 / 12

Урҭ ирхылҵуа рыфҩы хааи рыԥшӡареи ақалақь иалоу ргәалаҟазаара шьҭнахуеит...

12 / 12

... ахьышәахәа зхьыршоу аԥхынгьы лассы иааиуеит.