Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6 1963 шықәсазы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Иқыҭантәи ашкол даналга дҭалеит Фрунзетәи аполитехникатә институт, анаҩс диасуеит Москватәи автомашьына-амҩатә институт ахь, дагьалгоит 1985 шықәсазы.
1991 шықәсазы Аслан Бжьаниа далгоит СССР КГБ иреиҳаӡоу акурсқәа, 1991-1992 шықәсқәа рзы аус иуан Аԥсны КГБ аҟны. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы атәыла ахада Гәдоуҭа ашәарҭадаратә маҵзура аҟны аус иуан.
1999 шықәсазы Аслан Бжьаниа далгеит Урыстәыла Аиҳабыра рыҟны иҟоу жәлар рынхамҩа Академиа. 1999-2008 шықәсқәа рзы Урыстәыла анаплакытә усқәа дырҿын, 2010 шықәсазы Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак аекономикатә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩс дҟарҵоит.
2010 шықәса жәабранмза инаркны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура напхгара аиҭон, инапынҵақәа аанижьит 2014 шықәсазы.
Аслан Бжьаниа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы напхгара аиҭон асоциал-економикатә усҭҵаара Афонд "Аԥра", аоппозициатә мчқәа Рыблок ацхантәаҩыс дыҟан, Жәлар Реизара депутатс далхын.
Аслан Бжьаниа Атәыла ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥы 23 2020 шықәсазы. Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшаара драбуп.