Аԥсны

Ргәы камыжькәа: Лыхнытәи аҭәаҵла ду шеиқәдырхо

Аҭоурых ду иахаану, ашәышықәсала зышәшьыраҟны азҵаара дуқәа рыӡбоз Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ду идырым аӡәы хьархьла ааха ду аиҭеит ахаша, мшаԥы 5 рзы.
Sputnik
Аԥсны иқәынхо ҩаԥхьа Лыхнашҭа еизеит ахаша ауха ҩышә шықәса ирҭысхьоу аҭәаҵла ду аӡәы ааха ду ахьеиҭаз инамаданы. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари ахҭыс азы ашьаусҭҵаара ахацыркра ргәы иҭоуп.
Аекологцәа аҭыԥантәи анхацәа рыцырхрааны рҽазыршәеит аҭәаҵла аиқәырхара.
Лыхны — Аԥсны зегьы иреиҳау ақыҭақәа иреиуоуп. Араҟа аԥсуа аҳцәа иртәарҭан, ара иит жәлар рҵеи лаша Нестор Лакәаба, аԥсуа ҵарауаа дуқәа Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ҭыԥуп. Араҟа ажәлар рзеиԥш еизарақәа ахьымҩаԥысуаз, иахьагьы еиуеиԥшым аспорттәи акультуратәи аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥуп.
1 / 13

Абар ҩышә шықәса иреиҳауп аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа агәаны ари аҭәаҵла ду гылоуижьҭеи.

2 / 13

Мшаԥы 5 ахәылбаҽха аӡәы хьархьла аҭәаҵла ашьапы даахыгьежьны иԥиҟеит.

3 / 13

Аҭәаҵла ашьапы аҭаԥҟарсҭа 15-20 сантиметр иҟоуп.

4 / 13

Ҩымш раахыс Лыхнашҭа еизоит ари ахҭыс иаргәамҵыз ауааԥсыра.

5 / 13

Аекологцәа рҽазыршәоит аҭәаҵла аиқәырхара.

6 / 13

Абаҳчааӡаҩцәа аҵла аӷьаразы рхы иадырхәеит аҭәаҵла ацәеи абаҳчатә цәеи еилаҵаны аҵлеиларш.

7 / 13

Арҭ имҩаԥыргаз аусқәа алҵшәа еилкаахоит мызқәак рнаҩс.

8 / 13

Абаҳчатә аҵлеиларш аҭәаҵла ахьԥҟоу ибжьыршьыхааит. Уи ахәаҷақәеи ацәаакыреи нанашьҭӡом.

9 / 13

Аҭәаҵла аиқәырхараз аекологцәа ирыцхраауан аҭыԥантәи анхацәеи амилициа аусзуҩцәеи.

10 / 13

Аамҭақәа цацыԥхьаӡа ари аҭәаҵла аҩнуҵҟа агәаҩара иацло иаауан.

11 / 13

Аҭәаҵла ашьапы ашәпара ф-метрак инеиҳауп.

12 / 13

Аԥсны ауааԥсыра ари аҩыза ҟазҵаз дхәымгоуп ҳәа изырҳәеит, ааԥхьарагь ҟарҵеит ацәгьа зуз ихала иаарласны амчратә усбарҭақәа иҽриҭарц.

13 / 13

Лыхнашҭа иаҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, апрокурор хада Адгәыр Агрба, иара убас атәыла анапхгара рхаҭарнакцәа.