Мшаԥы ауха: Аҟәатәи ауахәамаҿы анцәаимҵаныҳәара

Иԥшьоу Анцәа Иан Лгәырӷьаҿҳәаша иазку Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥысит Мшаԥы иазку анцәаимҵаныҳәара мшаԥы 16 ауха.
Sputnik
Есышықәса Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥысуеит Мшаԥы аухазтәи анцәаимҵаныҳәара.
Уи иалагоит аҵхеиҩшара (полунощница - аред.) ала.
Анцәа дхазҵо ауаа Аџьартә ныҟәара мҩаԥыргоит, аӡәырҩы ауахәамаҿы шаанӡа иаангылоит ашьыжьтәи анцәаимҵаныҳәареи анцәаизышәаҳәареи рзы.
Ауахәамахь аиашахаҵаҩцәа ҭаацәала инеиуеит, инаргоит мшаԥазтәи ачарӡқәеи акәтаӷьқәеи рыԥшьарц. Ари ауха Иерусалимынтәи Аҟәатәи ауахәамахь иааргеит Амцаԥшьа аҟәырҷаха.
1 / 16

Мшаԥы иазку анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысит Иԥшьоу Анцәа Иан Лгәырӷьаҿҳәаша иазку Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы мшаԥы 16 ауха.

2 / 16

Ишаԥу еиԥш, аҳҭнықалақь ауааԥсыра ауахәамахь инеит Анцәа иашьапкырц.

3 / 16

Анцәаимҵаныҳәара иалагеит аҵхеиҩшара ала.

4 / 16

Сынтәа ара еизеит жәаҩыла ауааԥсыра.

5 / 16

Мшаԥы ауха аиашахаҵаратә қьырсианцәа рзы реиҳа ихадоу ныҳәоуп.

6 / 16

Ари ауха анцәа дхазҵо аҵхеиҩшаразтәи аныҳәара иазыӡырыҩуеит, аџьартә ныҟәара мҩаԥыргоит.

7 / 16

Ашамҭазы имҩаԥысуеит Мшаԥтәи ашьыжьтәи амаҵзура, уи хыркәшахоит анцәаизышәаҳәара ала.

8 / 16

Анцәахаҵаҩцәа аџьартә ныҟәара мҩаԥыргоит.

9 / 16

Ари иԥшьоу аныҳәа лаша аҳаҭыр азы ара еизоит ауахәама лассы-лассы иаҭаауа ауаа.

10 / 16

Еиҳараҩык ԥшьсааҭк рҟынӡа имҩаԥысуа анцәаимҵаныҳәара ахы инаркны аҵыхәанӡа иаангылоит.

11 / 16

Уи усҟак ишымариамгьы, арахь ҭаацәала ауаа аауеит, рхәычқәагьы ааргоит.

12 / 16

Ирыԥшьарц иааргоит мшаԥазтәи ачарӡқәеи, аҩеиӡмахәқәеи, ишәу акәтаӷьқәеи.

13 / 16

Иҟоуп аҵхеиҩшаразтәи аныҳәара иалагаанӡагьы иааиуа.

14 / 16

Зегьы иреиҵбацәоу ргәы хыҭхыҭуа иԥшуп аныҳәа шԥамҩаԥысришь ҳәа.

15 / 16

Мшаԥы иазку анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысуеит Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегь рҿы.

16 / 16

Ари аҽны Иерусалим Анцәи иныхабаа аҿы Амцаԥшьа лбаауеит. Ишаԥу еиԥш, уи аҟәырҷаха Аҟәатәи ауахәамахь иааргеит.