Иара дыргылеит XI ашәышықәсазы абжьныхақәа руак Елыр-ныха азааигәара. Уи ахьӡ аԥсуа ажәа "аилыргара" аҟынтәи иаауеит, аус ахьеилдыргоз, азҵаарақәа ахьырӡбоз аҭыԥ акәны иахьыҟаз азы.
1733 шықәса рзы Елыр аҭырқәцәа аԥхасҭа арҭеит. Аха аныхачаԥақәеи, аџьарқәеи, егьырҭ акрызҵазкуа амаҭәахәқәеи реиқәырхара рылшеит.
Елыртәи ауахәамаҿы ишьҭан ажәытә ныхачаԥақәа, уи ахылаԥшҩыс иамази ҭауади-аамысҭеи ирызнаргоз аҳамҭақәа. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазынӡа апапцәа руадаҿы ишьҭан ажәытәра иаҿахәҳәагаз амаҭәарқәа, еицырдыруа бедиатәи ахьтәы храҿа убрахь иналаҵаны. Ара иҟан Х ашәышықәса иаҵанакуа елыртәи араӡынтәы храҿагьы, аха уи анаҩсан иӡит.
Иахьа ауахәамаҿы еиқәханы иҟоуп Иԥшьоу Гьаргь Аиааирагаҩ иԥсыбаҩ аҟәырҷахақәа, иара убас амирои ашьеи згәылжжуа аныхачаԥақәа.