АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Урыстәылатәи ажәыларатә отриадқәа уахыки ҽнаки рыла Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы даҽа х-кварталк рхы иақәиҭыртәит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аотриадқәа ацхыраара рырҭаразы "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ авиациа фынтә иҵԥрааит, артиллериа 62 ҭыԥ иреихсит.
Уахыки-ҽнаки рыла Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархан 255-ҩык рҟынӡа украинатәи аруааи қьыралатәи аибашьцәеи, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьына, акәылӡымашьынақәа фба, автомобилқәа жәаба, аицҭырҟьаратә ракетатә система зықәгылоу аибашьыга машьына "Град", агаубицақәа Д-20 ҩба, иара убас УАМ 95-тәи адесант-жәыларатә бригада џьаԥҳанышьҭаҵарҭаки аракета-артиллериатә арбџьаршьҭаҵарҭаки.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла ирыцҟьеит УАМ 67-тәи амеханизациа зызуу абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа, иҭадырхеит 60-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа,акәылӡымашьынақәа ҩба, апикап, аконтрбатареиатә жәылара арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иаанкылоуп адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба русура, иҭархоуп 65-ҩык аӷацәа, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа ҩба, агаубица Д-30.
Алада-Донецктәи Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы Павловка иахьаҵанакуа иаанкылоуп адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ аусура. Аӷа уахыки-ҽнаки рыла ицәыӡит 20-ҩык рҟынӡа асолдаҭцәа, автомашьынақәа ҩба, агаубица Д-20. Даҽа ҩ-автомашьынак, агаубиц Д-20, иара убас 24-ҩык инареиҳаны асолдаҭцәа УАМ ирцәыӡит ХЕрсонтәи ахырхарҭаҿы.
Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратәи авиациа, аракетатә архәҭақәа, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла УАМ 97 артиллериатә ҟәшақәа, аруаа, 136 раион рҟны атехника ааха рырҭеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә арҟәшақәа иааныркылеит ареактивтә снариадқәа HIMARSи "Урагани" жәаба, иҭадырхеит украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 411 ҳаирплан, 228 вертолиот, 3787 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 415 зенит-ракетатә комплекс, 8787 танки акәылӡымашьынеи, 1092 ареактивтә системақәа, 4638 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 9668 ак автомобилтә техника.