Аԥсны

Аинрал Сосналиев: Аԥсны ахьчаҩцәа ираԥхьагылаз

Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, аҳәынҭқарратәи арратәи усзуҩ, Аԥсны уаанӡатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 81 шықәса.
Sputnik
Сызрань иҟоу арра-авиациатә ҵараиурҭеи Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиеи данрылга ашьҭахь Сулҭан Сосналиев 29 шықәса аус иуан СССР аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа рҿы. Иара данысит аԥырҩы инаиркны аҳаирхәҭа адҵаҟаҵаҩ иҟынӡа амаҵурамҩа, ихырҵеит СССР зҽаԥсазтәыз арратә ԥырҩы ҳәа ахьӡ, ианаршьеит Арратә Бираҟ Ҟаԥшь аорден.
"Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа анаԥҵаха ашьҭахь, иара инапы ианырҵеит уи арратә ҟәша напхгара аҭара. Уи аусура активла дахьалахәыз иабзоураны иара еиҳагьы ибарҭан Аԥсны акәшамыкәша аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ишшәарҭахоз. Убри азы иара изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан, Владислав Арӡынба диԥылахьан, Егры аҳәаахь дцахьан, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ҭиҵаауан. Ҽакала иуҳәозар, иара гәынхәҵысҭала ихаҿы иҭихуан ақырҭуа архәҭақәа Аԥсны иақәлозар, иарбан мҩақәоу илырхырц ирылшо", — ҳәа иҩуеит арратә ҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа Сосналиев 70 шықәса ихыҵра иазкны ииҩыз астатиа "Полководец" аҿы.
Ақырҭуа архәҭақәа нанҳәамза 1992 шықәса рзы Аԥсны ианақәла, Сулҭан Сосналиев Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала иҳацеибашьырц раԥхьаӡа иааз ҳашьцәа раԥхьа дгылан.
Аибашьраан Сосналиев Аштаб хада деиҳабын, Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы 1994 шықәса рзы Владислав Арӡынба идҵала Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан, аинрал-леитенант ичын иҭан.
1 / 11

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуан 81 шықәса.

2 / 11

Сулҭан Сосналиев диит Нальчик 1942 шықәса рзы.

3 / 11

1961 шықәса рзы Сосналиев дҭалеит Сызрань ақалақь аҿтәи аԥырратә ҵараиурҭа.

4 / 11

Сосналиеви Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиа аҳаирхәҭа алахәылацәеи.

5 / 11

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагазар хымш ааҵуаны, Сосналиев абџьаршьҭыхла Аԥсны ахьчаразы дгылеит.

6 / 11

Аибашьраан Сулҭан Сосналиев Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада напхгара аиҭон.

7 / 11

1993 шықәса мшаԥымза инаркны 1996 шықәса рашәарамзанӡа, иара убас 2005 - 2007 шықәсқәа рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дыҟан.

8 / 11

Аԥсны ахьчараан иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Сосналиев ихҵан "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

9 / 11

Аԥсны ахьыԥшымра азаагараҟны, Арбџьармчқәа раԥҵареи реихаҳареи аус аҟны, ҳтәыла ашәарҭадара аиҿкаареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи рҟны Сулҭан Сосналиев иҟаиҵаз алагала ахәшьара уадаҩуп.

10 / 11

Сулҭан Сосналиев иԥшәма Лиубовь лассы-лассы уи игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа еиҿылкаауеит.

11 / 11

Сосналиев Аԥсны аҵыхәтәаны даҭаан дыҟан ҳхақәиҭра 15 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз - цәыббра 30 2008 шықәса рзы.