Урыстәыла

Иԥсҭазаара далҵит Валентин Иудашкин

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. 59 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит урыстәылатәи амодельер Валентин Иудашкин ҳәа аанацҳауеит Актәи аканал.
Иудашкин идунеи шиԥсахыз атәы лҳәеит иԥшәмаԥҳыс. Иара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ачымазара бааԥс ихьуан.
Валентин Иудашкин – Урыстәыла жәлар рсахьаҭыхыҩ, амодельер диит 1963 шықәсазы Москватәи аобласт аҟны, Москватәи аиндустриалтә техникум далгеит, анаҩс – ГИТИС апродиуссертә факультет. Адизаинер ихьӡ рыланарцәеит иколлекция "Фаберже" (1991), Париж, Амода ҳарак амчыбжь аҿы идырбаз. 1993 шықәсазы Иудашкин иааиртит ихатә модатә Ҩны Valentin Yudashkin.