Аицлабра иалахәын Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи аҟазаратә коллективқәа.Алахәылацәа ақәратә категориақәа ҩба рыла еихшан: аиҵбыратә гәыԥ - 7-12 шықәса зхыҵуа, аиҳабыратә - 13-18 шықәса зхыҵуа.
Аконкурс аҿы номинациақәак ыҟан: аԥсуа милаҭтә кәашара, адунеи ажәларқәа рыкәашарақәа, ҳаамҭазтәи акәашара, ҩыџьа-ҩыџьеи асолотәи кәашарақәа.
Аиааира згаз ирырҭоит адипломқәа, алахәылацәа зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭоит.