Аԥсны

Амилаҭ рныҳәа: Аԥсны Абираҟ амш шазгәарҭаз

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит амҽыша, ԥхынгәы 23 рзы.
Sputnik
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәдырӷәӷәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа иескизқәа рыла.
Аҟәа ари аныҳәа аҳаҭыр азы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит.
Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драмтеатр аҟынтәи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭанӡа аҽыуаа мҩасит. 1200 шықәса реиҳа зхыҵуа Аԥсны аҭоурых аазырԥшуа аԥсуа бираҟқәа 16 кны аҽқәа ирықәтәан ииасит аҽыбӷаҟазара-спорттә школ "Леон" ааӡамҭацәа, аспортсменцәа, акәашацәа, активистцәа.
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит агәырӷьаратә концерт, уа иқәгылеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль ахор, акәашаратә ансамбльқәа "Кавказ", "Абаза", адауласцәа рансамбль "Адаул", аҭыԥҳацәа рфольклортә ансамбль "Гәында".
1 / 8

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит ԥхынгәы 23 рзы.

2 / 8

Уажәшьҭа итрадициахеит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ари аныҳәа аҳаҭыр азы аҽыуаа рымҩасра.

3 / 8

Дара Багаԥшь ихьӡ зху ашҭахь икны инеит Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәгылара аазырԥшуаз еиуеиԥшым аҭоурыхқәа ирдыргаз абираҟқәа.

4 / 8

Аԥсны асасцәеи аԥшәмацәеи рзы имҩаԥган агәырӷьаратә концерт.

5 / 8

Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахор инанагӡеит афольклортә композициақәа.

6 / 8

Амилаҭтә кәашарақәа нарыгӡеит Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ".

7 / 8

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс.

8 / 8

Аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аконцерт ахь инеит шәҩыла ахәаԥшцәа.