Аԥсны

Ишьҭхысаан аиааирахь: Мықә аныҳәатә ҽырхәмаррақәа

Аиааиреи Ахьыԥшымреи амш 30 шықәса ахыҵра иазкыз аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит Мықә ахаша, цәыббра 26 рзы.
Sputnik
Апрограммаҟны иҟан аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыласра, аҽырхәмарра, ҽыла апарад ақәсра, еиуеиԥшым абжьаӡараҟны ҽыла аиԥхныҩлара. Аҽыбӷаҟазацәа 1000, 1400, 2000, 2400 метра абжьаӡараҟны аиааира агара рҽазыршәон.
Ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.
1 / 13

Аҽырхәмаррақәа мҩаԥысит Мықәашҭа ахаша, цәыббра 26 рзы.

2 / 13

Дара азкын Аиааиреи Ахьыԥшымреи амш 30 шықәса ахыҵра.

3 / 13

Итрадициатәу аспорт ҽырхәмаррақәа мҩаԥысуеит есышықәса.

4 / 13

Апрограммаҟны - аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыласра, аҽырхәмарра.

5 / 13

Мықәашҭа имҩаԥысуа аицлабрақәа ахәыҷқәа рзын игәырӷьахәу ныҳәоуп.

6 / 13

Иара убасгьы, апрограммаҟны иҟан еиуеиԥшым абжьаӡараҟны ҽыла аиԥхныҩлара.

7 / 13

Аԥхьахәқәа згоз аҽыбӷаҟазацәа ахәаԥшцәа рыбзиабареи рнапеинҟьареи анаҩсгьы ироуит аԥаратә ҳамҭагьы.

8 / 13

Арҭ аҽырхәмаррақәа ашықәс аҩнуҵҟа рҽазыҟарҵоит, аҽыҩқәа рыԥшәмацәа аҽыбӷаҟазацәа бзиақәа рзырԥшаауеит.

9 / 13

Зымчқәа ԥызшәоз рыбжьара...

10 / 13

Аныҳәа иаҭааз атәыла ахада Аслан Бжьаниа абыргцәа дыргәылак аҽырхәмаррақәа ирыхәаԥшуан.

11 / 13

Дмитри Қардиа изныкымкәан аԥхьахә ҭыԥқәа ааникылахьеит.

12 / 13

Арҭ аҽыбӷаҟазацәа 1000, 1400, 2000, 2400 метра абжьаӡараҟны еиԥхныҩлоит.

13 / 13

Дмитри Қардиа аԥхьахә ҭыԥ ааникылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала 2000 метра аҽыҩқәа реиԥхныҩлараҿ.