Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьыр аԥхынтәи аԥсшьараамҭа алҵшәа иазкны

Амилаҭ туристтә еилахәыра еиҳабы Руслан Кәакәасқьыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы сынтәатәи аԥхынтәи аԥсшьараамҭа ацашьа ахәшьара аиҭеит.
Sputnik
Сынтәатәи асезон ибзианы имҩаԥысит ҳәа сҳәар сылшоит, иакәым ҟамлакәа, аԥсшьаҩцәа аԥхын рхыргартә еиԥш аҭагылазаашьа рыман Аԥсны раионцыԥхьаӡа ҳәа иҳәеит иара.
"Аԥсны асасааирҭақәа рыргылара иаҿуп. Акурорттә ҭыԥқәа зегьы еидукылозар иҳагу шырацәоу ҳбоит, аха ҭыԥк аҿы ҳгылоуп ҳәа уҳәар ииашаӡам. Есышықәса ԥхьаҟа ацара ҳаҿуп. Аԥсшьаҩцәа аара ргәаԥхаратәы атуризм знапы алаку рымацара ракәӡам аус зуша, ажәлар зегьы ҳаидгылароуп ари аус аҿы, ҳәакәша-мыкәша ҳрыцқьозароуп" - азгәеиҭеит Руслан Кәакәасқьыр.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.