Аԥсны

Аԥсны раԥхьаӡа акәны: "Аԥсни" ФК "10" реицхәмарра

Акомандақәа "Аԥсни" урыстәылатәи Амедиалига ФК "10" рыбжьара ашьапылампылтә еицлабра мҩаԥысит Аҟәа астадион "Динамо" аҟны.
Sputnik
Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит ашоу хәҭақәа злагалоу аиндаҭлара. Ашьапылампыл абзиабаҩцәа даара азҿлымҳара рызцәырнагеит ас еиԥш иҟоу аиндаҭлара, избанзар Аԥсныҟа иааит урыстәылатәи Амедиалига уи ахада, еицырдыруа ақьачақь Азамат Мусагалиев дрыцны.
Аԥсуа команда азыҟаҵаҩ Ахрик Цәеиба иакәзар - аԥсуа шьапылампыл аҭоурых аҟны иреиӷьӡоу ашьапылампыласҩы.
Ишеилкаахаз ала, аԥсуа хәаԥшцәа еиҳараӡакгьы ақәыԥшцәа ибзиаӡаны ирдыруеит урыстәылатәи Амедиалига. Астадион аҟны зегь раасҭа анапенҟьабжьқәа дрыԥсахеит Кутуз (Сергеи Кутузов - азгә.), иреиӷьу алига ахәмарҩцәа ируаӡәку.
Ахәмарра аамҭа хада хыркәшахеит еиҭахарыла 1:1 ҳәа, ахәмарра алҵшәа зӡбоз акәны иҟан пенальти. Жәеизаметратәи ампыл амба аҭаршәраз ФК "10" аҟынтәи Азамат Мусагалиев ԥшь-ҽазышәарак рҟынтәи илшеит знак ампыл амба аҭаршәра. Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа иаҳа ирықәҿиеит, пенальти асериа хыркәшахеит 3:1 ҳәа дара риааирала.
1 / 16

Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит ашьапылампылтә шоу-еиндаҭлара.

2 / 16

Аҟәа астадион "Динамо" аҟны еиԥылеит акомандақәа урыстәылатәи Амедиалига ФК "10" "Аԥсни".

3 / 16

Ари аицлабраҿы аԥсуа ашьапылампыласыҩцәа аиеҵәа ԥшшәыла еилаҳәан.

4 / 16

Акоманда "Аԥсны" ахәмарҩы иаауаз ампыл хыла идикылеит.

5 / 16

Аҭыԥантәи ашьапылампыл абзиабаҩцәа ҳбираҟ ҳаракны иркын.

6 / 16

Амедиалига иреиӷьу ахәмарҩцәа ируаӡәку Сергеи Кутузов ампыл иман амбахь дыццакуеит. Иара иоуп раԥхьатәигь ҭазыршәыз.

7 / 16

Аицлабра аиҩызаратә хәмарра шакәызгьы, еиндаҭлоз аӡәы ахьаҵра игәы иҭамызт.

8 / 16

ФК "10" азыҟаҵаҩ Александр Нагорныи икылкааны ахәмарра дацклыԥшоит.

9 / 16

Ашьапылампыл абзиабаҩцәа еицлабуаз ргәы дырӷәӷәон адаул абжьы ала.

10 / 16

ФК "10" ашьапылампыласҩы иҽазишәоит ампыл аӡәгьы имҭакәан ԥхьаҟа ацара.

11 / 16

"Аԥсны" ашьапылампыласҩы джәылеит ампыл инапахьы аагаразы.

12 / 16

Асасцәа рымба ахьчаҩ излаилшоз ала ампыл ааникылон.

13 / 16

Ахәаԥшцәа адгылара зырҭоз акомандаз рымчқәа ирмеигӡаӡеит.

14 / 16

Ахәмарра аамҭа хада хыркәшахеит еиҭахарыла 1:1 ҳәа.

15 / 16

Ахәмарра алҵшәа зӡбоз акәны иҟан пенальти.

16 / 16

Жәеизаметра амба иазааигәаны ампыл аҭаршәраҿы 3:1 ҳәа акоманда "Аԥсны" аиааира агеит.