Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аицлабраҿ Гран-при агеит еиқәаҵәа-шкәакәоу афотосахьа "Зарево". Ари арепортаж Донецки Мариуполи рыхҭысқәа аанарԥшуеит. Иара ҭыхын 2022 шықәса жәабранмзазы Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь мызк мҵыцкәан.
ИУНЕСКО аусқәа рзы УА Акомиссиа ахылаԥшрала Амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афотосахьатә еицлабра хықәкы хадас иамоуп афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа адгылара рыҭареи ауаажәларра ҳаамҭазтәи афотожурналистика ахықәкы разхьарԥшреи.
Ари аҟыбаҩ злоу, аҿыцрақәа аазыртуа афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ирҭыԥуп.