Аԥсны

Асезон хада: "Apsny Star"актәи аконцерт

Ахԥатәи асезон амузыкатә проект "Apsny Star" актәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ ахәаша, жьҭаара 20 рзы.
Sputnik
Асуперсезон аҟны асценахь ицәырҵит раԥхьатәи аҩ-сезонк рыҟны аиааира згаз ашәаҳәаҩцәа. Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи - Софиа Миаукина, Викториа Лабиа, Сариа Аиба, Кристина Кубраа, Елизавета Аммаева. Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтә – Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумутиа, Гәында Абыхәԥҳа, Рената Хаџьиева.
Актәи асезон асуперфиналахь инеит Саида Агырԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Миранда Мархолиаԥҳаи Самвел Миракиани, аҩбатәи асезон афинал ахь инеит Руслан Шакаиеи Софиа Реинберги ргәыԥ аҟынтәи – Нила Начкьебиаԥҳаи Диана Карбашьиани. Арҭ азыҟаҵаҩцәа апроект ахьаанрыжьыз инамаданы ашәаҳәаҩцәа еихшаны иаанхаз азыҟаҵаҩцәа ргәыԥқәа ирылаҵан.
Самвел Миракиани Миранда Мархолиаԥҳаи Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ иақәшәеит, Нила Начкебиаԥҳаи Диана Карбашьиани - Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ.
1 / 15

Ахԥатәи асезон амузыкатә проект "Apsny Star" актәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ ахәаша, жьҭаара 20 рзы.

2 / 15

Асуперсезон аҟны асценахь ицәырҵит раԥхьатәи аҩ-сезонк рыҟны аиааира згаз ашәаҳәаҩцәа.

3 / 15

Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи - Софиа Миаукина, Викториа Лабиа, Сариа Аиба, Кристина Кубраа, Елизавета Аммаева. Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтә – Адгәыр Лазариа, Иракли Џьумутиа, Гәында Абыхәԥҳа, Рената Хаџьиева.

4 / 15

Актәи асезон асуперфиналахь инеит Саида Агырԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Миранда Мархолиаԥҳаи Самвел Миракиани, аҩбатәи асезон афинал ахь инеит Руслан Шакаиеи Софиа Реинберги ргәыԥ аҟынтәи – Нила Начкьебиаԥҳаи Диана Карбашьиани.

5 / 15

Арҭ азыҟаҵаҩцәа апроект ахьаанрыжьыз инамаданы ашәаҳәаҩцәа еихшаны иаанхаз азыҟаҵаҩцәа ргәыԥқәа ирылаҵан.

6 / 15

Самвел Миракиани Миранда Мархолиаԥҳаи Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ иақәшәеит.

7 / 15

Нила Начкебиаԥҳаи Диана Карбашьиани - Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ.

8 / 15

Актәи аконцерт аихшьаалақәа рыла апроект аанрыжьит Гәында Абыхәԥҳа, Елизавета Аммаева, Нила Начкьебиаԥҳа.

9 / 15

Ашәаҳәаҩцәа инарыгӡоз ашәақәа ржанрқәа еиуеиԥшымызт.

10 / 15

"Apsny Star" асуперсезон хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы.

11 / 15

Апроект аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыкатә академиаҿы хәыда-ԥсада аҵараҵара.

12 / 15

"Apsny Star" асуперсезон актәи аконцерт алахәыла Кристина Кәыбрааԥҳа.

13 / 15

Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.

14 / 15

Апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон".

15 / 15

Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.