Арадио

Аветеринар арахә чымазаразы: ахы шьҭнамхырцаз алаҵақәа ианаамҭоу иҟаҵатәуп

Кәтол ақыҭан арахә каҳауа иалагеит ҳәа адырра ыҟан. Очамчыра араион аветеринар хада Ахра Амҷба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зыхҟьаз, насгьы, анхацәа рырахә алаҵақәа рзыҟаҵара мап зацәыркуа.
Sputnik
Араион аҿы аҭагылазаашьа бааԥсуп, аҿкчымазара ыҟоуп ҳәа ҳазҳәаӡом ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Амҷба.
"Кәтол ҩ-ҭӡак рҿы арахә "емкар" ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара рыдбалан. Аҿкы шықәсы рацәала адгьыл аҿы инхоит, аҵаа иацәшәом. Иара иаанхоит иԥсыз арахә мжӡакәа иаанужьыр, мамзаргьы ашьа ахькаҭәаз. Ари рыцҳароуп атәыла зегьы рзы. Аҳаблаҿы алаҵақәа рзыҟаҵан арахә зегьы. Ишахәҭаз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган. Уи нахыс уаҳа еиҭаҵуам ҳәа сгәы иаанагоит", – ҳәа иҳәеит аветеринар.
Ахра Амҷба иазгәеиҭеит, ачымазара ахы шьҭнамхырцаз алаҵақәа ианаамҭоу ишыҟаҵатәу. Еиҳарак еиҭаҵуа аҿкчымазарақәа ртәы ааԥыни ҭагалани иҟарҵоит. Аветеринар иҳәеит, ҳажәлар алаҵақәа мап анацәыркуагьы шыҟоу ажә ахш иагнархоит ҳәа, аха ус иҟазаргьы иҟаҵалатәуп ҳәа инаҵеишьит Амҷба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.