Аԥсны

Актәи аҳәынҭқарратә: Аԥсуа милаҭтә телехәаԥшра афотоҭоурых

Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь аҭыҵра иалагеит, аекран аҿы ицәырҵит Аҟәа асахьа. Уи ахҭыс аахыижьҭеи иахьа иҵуеит 45 шықәса.
Sputnik
1 / 13

Аԥсуа телехәаԥшраҿы раԥхьа ицәырҵит ажәабжьқәа рыла, уи апрограмма иахьӡын "Амшеикәшара". Афото аҿы: арежиссиор Амиран Гамгьиа.

2 / 13

Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер Аԥсуа телехәаԥшраҿы даныҟаз.

3 / 13

Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь аҭыҵра иалагеит, аекран аҿы ицәырҵит Аҟәа асахьа. Уи ахҭыс инаркны Аԥсуа телехәаԥшра ашьақәгылареи аҿиареи иалагеит.

4 / 13

Аԥсуа телехәаԥшра аԥырымҵар ада ԥсыхәа ҟамлеит 1977-1978 шш. раан ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа ашьҭахь. Афото аҿы: АТ аколлектив.

5 / 13

Актәи ателецҳа Лыхны - Токио акәхеит, усҟан аԥсуа быргцәа рықәранҵыра ду ҭызҵаауаз иапониатәи аҟазацәа лыхнытәи абырг иҿцәажәеит.
Афото аҿы: ажурналист Ҭина Қорсаиаԥҳаи арежиссиор Заира Бигәааԥҳаи.

6 / 13

Иахьа Аԥсуа телехәаԥшра - атәылаҿы хадара зуа информациатә хархәагоуп, уи Аԥсны зегьы иддырбоит. Афото аҿы: Аԥсуа телехәаԥшра астудиа. Аоператорцәа Анзор Кәарҷелиа, Анатоли Шьониа, арежиссиор Заира Бигәааԥҳа.

7 / 13

АТ аусзуҩцәа Леонид Агрбеи Руслан Гәыблиеи.

8 / 13

Аибашьра ашьҭахь АТ ииасит Аҟәа иҟоу Аахыҵкавказтәи арратә округ иатәу асанатори ахыбрахь, уа иҟоуп иахьагьы.
Афото аҿы: ателехәаԥшра аусзуҩцәа. Армарахьтә арӷьарахь: Амиран Гамгьиа, Заира Бигәааԥҳа, Емма Адлеиԥҳа, Лиудмила Ҳагԥҳа.

9 / 13

Зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазы 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аус аныруаз. Аибашьра актәи амш азы ателехәаԥшра аусзуҩцәеи рмаругақәеи алыргеит Гәдоуҭаҟа.
Афото аҿы: арежиссиор Заира Бигәааԥҳа.

10 / 13

АТ аусзуҩцәа 413 мши ҵхи аинформациатә фронт иазықәԥон. Афото аҿы: аоператор Анатоли Маланиа, ажурналистцәа Енвер Арџьениеи Оҭар Лакрбеи.

11 / 13

Еиҿкаан еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа, уи иабзоураны иҭырхуан апарадқәа, иара убас акрызҵазкуаз ахҭысқәа.

12 / 13

АТ анаԥҵаз актәи амшқәа инадыркны еиҿкаан абжьы ҭазыҩуа астудиа. Афото аҿы: Гурам Амқәаб.

13 / 13

Амилаҭтә телехәаԥшра аартра рылшеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иабзоураны. Афото аҿы: Пальмиро Амҷба, Анатоли Маланиа, Заира Бигәааԥҳа, Ҭина Қорсаиаԥҳа.