Аԥсны

Шьаҿак аиааираҟынӡа: апроект "Apsny Star" афинал ахь инеиз

Амузыкатә проект "Apsny Star" асуперсезон афинал ахь инеиз рыхьӡқәа еилкаахеит ахаша, абҵарамза 29 рзы имҩаԥысыз аконцерт аан.
Sputnik
По итогам выступлений проект покинула от команды Фаи Мархолия Кристина Кубрава и от команды Ильды Кучуберия - Рената Хаджиева.
Ақәгыларақәа реихшьаалақәа рыла апроект аанрыжьит арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Кристина Кәыбрааԥҳаи Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Рената Хаџьиевеи.
Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи апроект иацырҵоит Софиа Миаукина, Викториа Лабиаԥҳа, Сариа Аииԥҳа, Аслан Шьакаиа.
Апроект афинал ахь инеит Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Иракли Џьумутиеи, Миранда Мархолиаԥҳаи, Лола Колбаиаԥҳаи, Самвел Миракиани.
Афинал иазку аконцерт ҟалоит ԥхынҷкәын 22 рзы.
Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
1 / 13

Амузыкатә проект "Apsny Star" ахԥатәи асезон афиналбжа мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы аҩаша, абҵара 28 рзы.

2 / 13

Аконцертқәа зегьы уи алахәылацәа ҷыдала рҽазыҟарҵоит, рашәаҳәашьа адагьы, рҭеиҭыԥш иацклаԥшуеит, ақәгылара еиҿыркаауеит.

3 / 13

Асуперсозон афинал даҽа шьаҿак ауп иагуп, убри аҟынтә аконкурс иалоу зегьы ирылшогьы ирылымшогьы ҟарҵоит рхы бзианы иаадырԥшырц азы, ажиурии, арҵаҩцәеи, ахәаԥшцәеи хырхырц азы.

4 / 13

Ахәаԥшцәагьы аеҵәахә ҿыцқәа ргәы хыҭхыҭуа ирзыԥшуп.

5 / 13

Аслан Шьакаиа инаигӡеит узырлахҿыхуа акомпозициа, уи алагьы афинал аҟны аҭыԥ ирҳаит.

6 / 13

Викториа Лабиа Асаҳкәажә лхаҿсахьа аалырԥшит, иагьыналыгӡеитЕлена Ваенга лашәара "Асы" ("Снег"), ларгьы афинал ахь днеит.

7 / 13

Кристина Кәыбрааԥҳа лакәзар, ҽаӡәы диламҩашьо акәын дшыҟаз, иналыгӡоз агәыԥ ImagineDragons рашәагьы шыналыгӡаз уаанӡатәиқәа иреиԥшмызт.

8 / 13

Лара афинал ахь дзымнеизаргьы, адгылаҩцәа рацәаҩны илыман.

9 / 13

Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи апроект иацырҵоит Софиа Миаукина, Миранда Мархолиаԥҳа, Викториа Лабиаԥҳа, Сариа Аииԥҳа, Аслан Шьакаиа.

10 / 13

Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи - Иракли Џьумутиеи Лола Колбаиеи, Самвел Миракиани.

11 / 13

Иракли Џьумутиа уаанӡеиԥш уажәгьы ахәаԥшцәа иргәырӷьеит амузыкатә арҳәага рыҟны ихәмаррала, аха уажәы агитара аҿы мацара акәымәка, адаулгьы дасит, аҿарпынгьы аирҳәеит.

12 / 13

Арҵаҩцәа ахьтәоу абжьааԥнеиԥш "амца" ықәуп - дара рҵаҩцәа изларылшо ала ргәы азҭарҵоит.

13 / 13

"Apsny Star" асуперсезон афинал мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 22 рзы.