Москватәи алакә: Ашҭа ҟаԥшь аҟны ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа аадыртит

Ашҭа ҟаԥшь аҟны аусура иалагеит ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа. Аӡынтәи алакә аҭааразы иаартын абҵара 30 рзы.
Sputnik
ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа аус аулоит есыҽны, асааҭ 09:00 инаркны 23:30 рҟынӡа. Сеанск – сааҭк ицоит. Ашьыжьтәи асеансқәа ԥшьба хәыдаԥсадахоит.
Адуцәа рзы абилеҭ 700 мааҭ иаԥсоуп, ахәыҷқәа рзы ( 7 - 12 шықәса) – 300 мааҭ. Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи рзы: 800; 400 мааҭ. 7 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рзы абилеҭ хәыдаԥсадоуп, убри аан ахәыҷы ицу абилеҭ ааихәуазар. Атәанчаҩцәа рзы асеанс 300 мааҭ иаԥсоуп, аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи рзы – 400 мааҭ. Аҵаашьаҵақәа қьырала иргара алшоит.
ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа асасцәа сынтәа урыстәылатәи аспорт азҟазацәа аҟазаратә-классқәа рзымҩаԥыргоит. Ес-сабша ахәыҷтәы хоккеитә школ "Красная машина" азыҟаҵаҩцәа рнапхгарала ахоккеи асра уҵар улшоит, ма уҟазара иацуҵар ауеит. Мҽышала аҵаақәшьқьраара бзиа избо рзы Анастасиа Гребенкина лнапхгарала имҩаԥгахалоит аҟазаратә-классқәа.
Sputnik – ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа аинформациатә дгылара анаҭоит.
1 / 9

Ашҭа ҟаԥшь ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа аартын абҵара 30 рзы.

2 / 9

Ашҭа ҟаԥшь аҟны аусура иалагеит ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа.

3 / 9

Ашьыжьтәи асеансқәа ԥшьба хәыдаԥсадахоит.

4 / 9

ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа иаҭааз ахәыҷы лгәалаҟазара шыбзиоу умбарц залшом.

5 / 9

Аолимпиатә чемпионка Алина Загитова лҟазаратә-классқәа жәаҩа азгәаҭоуп.

6 / 9

Аҟазаратә-классқәа хәыдаԥсада ааԥнынӡа имҩаԥыргалоит.

7 / 9

Аҵаақәшьқьырырҭа аус аулоит жәабрна 29 нӡа.

8 / 9

ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа аус аулоит есыҽны, асааҭ 09:00 инаркны 23:30 рҟынӡа.

9 / 9

ГУМ-аҵаақәшьқьырырҭа сынтәа 18 шықәса ахыҵуеит.