Ансамбль "Гәында" аирамш Аԥснытәи Аҳәынҭфилармониа асценаҿы иазгәарҭеит.
Ансамбль "Гәында" жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рҿы ихәмарны инанагӡеит еицырдыруа ашәақәа реиԥш, ааигәа иаԥҵаз автортә композициақәагьы.
Урҭ рнаҩс, ахәаԥшцәа раԥхьа иқәгылеит Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа астудентцәагьы, урҭ инарыгӡеит "аԥсуа кәашара". Иара убас ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа лҵаҩцәа ашәақәа рҳәеит, жәлар рмузыкатә арҳәагақәа адырҳәеит.