Аԥсны

Аеҵәақәа: "Apsny Star" афинал

Амузыкатә проект "Apsny-Star" афинал мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы ахәаша, ԥхынҷкәын 22 рзы.
Sputnik
Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда алахәыла Лола Колбаиаԥҳа аҵара лҵоит Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны.
Софиа Миаукина апроект апродиусер Ҭеимураз Кәакәасқьыр иҟынтәи ҳамҭас илоут-аклип аҭыхразы алшара. Миранда Мархолиа- амузыкатә продиусер Анри Гәынба иҿы ашәа ҭалыҩуеит, Викториа Лабиа-лхатәы альбом аҭаҩразы алшара лымоуп.
Апроект аинформациатә партниор Sputnik Аԥсны ахьӡала Софиа Миаукина афотоҭыхыҩ Наала Аҩӡба лҟны афоҭыхразы аҳамҭа лоуит. Аспонсор хада– амобилтә еимадара "Аҟәафон" ахьӡала Иракли Џьумутиа макбук ианаршьеит.
1 / 13

Амузыкатә проект "Apsny-Star" афинал мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы ахәаша, ԥхынҷкәын 22 рзы.

2 / 13

Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда аҟынтәи апроект афинал ахь инеит Иракли Џьумутиа, Миранда Мархолиа, Самвел Миракиан.

3 / 13

Фаиа Мархолиа лҟынтәи -Софиа Миаукина, Викториа Лабиа, Сариа Аиба, Аслан Шьакаиа.

4 / 13

Апроекта "Apsny Star" амузыкатә продиусер Анри Гәынба.

5 / 13

Афинал аҟны иқәгылоз зегьы инарыгӡоз ашәақәа гәыкала иазнеит.

6 / 13

Аконцертқәа зегьы уи алахәылацәа ҷыдала рҽазыҟарҵоит...

7 / 13

...рашәаҳәашьа адагьы, рҭеиҭыԥш иацклаԥшуеит, ақәгылара еиҿыркаауеит.

8 / 13

Апроекта "Apsny Star" алахәылацәа азыҟаҵаҩцәа Ильда Қәычбериаԥҳаи Фаиа Мархолиаԥҳаи.

9 / 13

Ахәаԥшцәагьы рацәаҩын.

10 / 13

Апроект х-сезонк рыла еихшан.

11 / 13

Асуперфинал аҟны еиндаҭлон актәии аҩбатәии рсезонқәа рҟны иалкаахаз ашәаҳәаҩцәа.

12 / 13

Аԥхьахә хада- Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны аҵараҵара.

13 / 13

Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.