Аҳҭнықьалақь Ашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара иаҿуп. Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ хада ргылоуп, ааигәа-сигәа аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵоуп. Уаҟа иаартуп ажәҩан аҵаҟа акинотеатр, аиармарка еиҿкаауп, еиуеиԥшым аколлективқәа рхы асцена ргылоуп.
Ахақәиҭра ашҭаҿы игылоу ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хадада Аҟәа уахьынаԥшы-ааԥшуа улаԥш иҵашәоит иԥшӡаны иҩычоу аԥсаӡқәа, адәқьанқәа.
Sputnik ишәзеизнагеит аныҳәатә гәалаҟазара еиҳагьы иузышьҭызхуа аҭыхымҭақәа.