Урыстәыла

Урыстәылаа 119 тәыла визада ирҭаар рылшоит 2024 шықәсазы

Аилахәыра Henley & Partners апаспортқәа риндекс аҿы иарбоуп зтәылауаа аиҭаҵра иахьынӡақәиҭу атәылақәа рреитинг.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Урыстәылаа 119 тәыла визада ирҭаар рылшоит 2024 шықәсазы, адунеи апаспортқәа 2024 шықәса актәи аԥшьбарак азтәи риндекс ҿыц инақәыршәаны. Абри атәы аанацҳаит АТОР Адырранҵа.
Ареитинг аҿы Урыстәыла Ҭырқәтәыла, Китаи, Белоруссиа раԥхьа игылоуп, 51 аҭыԥ аҿы.
Актәи аҭыԥ ааныркылеит Германиа, Италиа, Испаниа, Франциа, Сингапур, Иапониа. Арҭ атәылақәа ртәылауаа визада 194 ҳәынҭқарра ирҭаар ҟалоит.
Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп - Алада Кореиа, Финлиандиа, Швециа. Ахԥатәи аҿы - Австриа, Даниа, Ирландиа, Нидерландқәа.
Адунеи ареитинг аҿы аԥхьа игылоу атәылақәа 10 рыбжьара иҟоуп иара убас Великобританиа, Бельгиа, Португалиа, Лиуксембург, Норвегиа (урҭ зегьы – 4-тәи аҭыԥ, 191 тәыла), Грециа, Швеицари, Мальта (5-тәи аҭыԥ, 190 тәыла), Австралиа, Чехиа, Зеландиа Ҿыц, Польша (6-тәи аҭыԥ, 189 тәыла), Канада, Венгриа, ЕАА (7-тәи аҭыԥ, 188 тәыла), Естониа, Литва (8-тәи аҭыԥ, 187 тәыла), Латвиа, Словакиа, Словениа (9-тәи аҭыԥ, 186 тәыла). Ажәабатәи аҭыԥ ааннакылоит Исландиа (185 тәыла).
Passport Index анализ рзыҟанаҵоит 200 инареиҳаны атәылақәа рвизатә ԥҟарақәа, анасҩ урҭ визада изҭаар зылшо атәылақәа рхыԥхьаӡарала еихнашоит.