Азыҟаҵаҩ еиҳабы Константин Попов иажәақәа рыла, Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа рзы даара иманшәалоуп.
"Ара аӡҭачы даара ибзиоуп. Ҳара џьара ҳаннеилак, зегь раԥхьа иҳаргыло ҳҽахьазыҟаҳҵо аҭыԥ ауп, нас – ҳанхарҭа, ҳакрыфарҭа уҳәа егьырҭгьы", - ҳәа иҳәеит иара.
Акоманда азыҟаҵарҭа хада ҳәа ишьоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Тимошевск ақалақь. Уажәы уа акыр ихьҭоуп азы иӡбан Аԥсныҟа аара.
Шәқәырча акәзар, шамахамзар аԥша асӡом, аӡы ажәпарагьы аспортсменцәа разыҟаҵаразы ибзиоуп. Аҽазыҟаҵарақәа мышкы аҩнуҵҟа ԥшьынтә сааҭки бжаки имҩаԥыргоит. Аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь гәахәарыла амшын аԥшаҳәаҿы инеиааиуеит.