Лаҵара 1 азы Кәтол имҩаԥысит уажәшьҭа итрадициахаз аҽырҩра.
Акомандақәа Кәтол, Уарча, Баслахә ҽыла ампыл асраҟны аиааира иазықәԥоит.
Кәтолаа рҽыбӷаҟазацәа аиааира аӡәгьы ирымҭаӡеит.
Аԥхьахә агара ус имариамхеит, икаҳазгьы дҟалеит.
Аҿар ажәытә аԥсуа хәмарра аимҵакьачара мырӡӡакәан иааргоит.
Араҟа аҽқәа рыла акәымзаргьы, аиааираз ақәԥара цоит.
"Арӡны" иаԥсахеит Уарча акоманда, "аџьаз" - Баслахә.
Аҽыҩцәа еиԥхныҩуан 1200, 1600, 2000 метра.
Аиааира ргеит: 1200, 2000 метра аиԥхныҩлараҟны Дмитри Қардиа, 1600 —Сандро Озган.
Раԥхьатәи ацәаныррақәа аиааира ашьҭахь.
Аныҳәа далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Кәтолаа аҵәеигәыдҵа аҟынгьы аиааира ргеит.
Аҽыбӷаҟазацәа ирылшоз зегь ҟарҵон аиааираз.
Аҽырҩра рызкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа.