Аԥсны

Агәаларшәаратә мцабз: амҳаџьырқәа ргәаларшәара амш

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш мҩаԥысит Аԥсны лаҵара 21 рзы.
Sputnik
Лаҵара 21 1864 шықәса — Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит.
Есышықәса аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азгәарҭоит. Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа иахьа адунеи 50 тәыла рҟны инхоит. Реиҳараҩык — Ҭырқәтәыла.
Традициала ишаԥу еиԥш, ари амш азы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Амҳаџьырқәа рбаҟа аҟынӡа, аԥсуеи адыгеи бираҟқәеи аҵәыџьмцеи кны амҩа ианысит агәаларшәаратә мшы иалахәыз.
Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа анышьҭарҵа ашьҭахь Нарҭаа рымца еиқәырҵеит, ашьамаҟа адыркит.
1 / 9

Кавказтәи аибашьраан иҭахази амҳаџьырра иагаз ашьхарыуа жәларқәа рхаҭарнакцәеи ргәаладыршәеит Аҟәа лаҵара 21 рзы.

2 / 9

Аҿартә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аҳҭнықалақь ауааԥсыреи мчыла зыԥсадгьыл иахыгаз ргәаларшәаразы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ианысит аҵәыџьмцақәа кны.

3 / 9

Аусмҩаԥгатә иалахәыз милаҭтә маҭәала рҽеилаҳәан инаргон абираҟқәеи адамыӷақәеи (тамга).

4 / 9

Есышықәса аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азгәарҭоит лаҵара 21 рзы.

5 / 9

Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа иахьа адунеи 50 тәыла рҟны инхоит. Реиҳараҩык — Ҭырқәтәыла.

6 / 9

Агәаларшәаратә усмҩаԥгатә иалахәыз Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны рныҟәара хацыркын, иагьхдыркәшеит Амҳаџьырқәа рбаҟаҟны.

7 / 9

Уаҟа агәаларшәаратә шьамаҟа адаркит.

8 / 9

Ҭырқәтәыланӡа изымнаӡази уаҳа зышьҭахьҟа изымхынҳәызи рыхьӡала Нарҭаа рымца еиқәҵан.

9 / 9

Акциа хыркәшан ашәҭрқьақьақәа амшын рыхҵарала.