Аԥсны

Амцаԥшь ықәырҵеит: акәашаратә проект Eytsikәashow аҩбатәи аконцерт

Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿ имҩаԥысит акәашаратә проект Eytsikәashow аҩбатәи аконцерт.
Акәашарақәа х-хәҭакны ишан. Актәи аҟны — еицыкәашоз аԥсуа кәашара нарыгӡон. Аҩбатәи аҟны — асценахь еиццәырҵит еицыкәашоз ҩ-гәыԥк, инарыгӡеит аҟабарда кәашара "Кафа". Акәашаҩцәа ахәшьара рырҭон рҟазареи рартистизми рзы. Ахԥатәи ахәҭаҟны - агәыԥқәа акинофильм "Восьмая миля" аҟынтәи Еминем иашәа иацкәашон.
Еицыкәашо 14 гәыԥ актәи аҭыԥи аҳамҭа хадеи рзы еиндаҭлоит — 450 000 мааҭ.
Sputnik Аԥсны — апроект аинформациатә дгылара анаҭоит.
1 / 14

Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿ имҩаԥысит акәашаратә проект Eytsikәashow аҩбатәи аконцерт.

2 / 14

Акәашарақәа х-хәҭакны ишан.

3 / 14

Актәи аҟны — еицыкәашоз аԥсуа кәашара нарыгӡон.

4 / 14

Аҩбатәи аҟны — асценахь еиццәырҵит еицыкәашоз ҩ-гәыԥк, инарыгӡеит аҟабарда кәашара "Кафа".

5 / 14

Ахԥатәи ахәҭаҟны - агәыԥқәа акинофильм "Восьмая миля" аҟынтәи Еминем иашәа иацкәашон.

6 / 14

Акәашаҩцәа ахәшьара рырҭон рҟазареи рартистизми рзы.

7 / 14

Апроект акәашацәа хылаԥшра рырҭоит Денис Инаԥшьбеи Аслан Багаԥшьи.

8 / 14

Апроект аҟны еицыкәашоит 14 гәыԥ.

9 / 14

Урҭ актәи аҭыԥи 450 000 мааҭ иҟоу аҳамҭа хадеи рзы еиндаҭлоит.

10 / 14

Акәашарақәа ахәшьара рырҭон Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз артистцәа.

11 / 14

Апроект хәымз имҩаԥыслоит.

12 / 14

Зынӡа ф-концертк мҩаԥгахоит.

13 / 14

Аицлабра ахьӡ аагоуп ажәа "аицыкәашара" аҟынтә.

14 / 14

Sputnik Аԥсны — апроект аинформациатә дгылара анаҭоит.