Аԥсны

Кавказтәи абынҽацәқәа: аԥснытәи абнақәа зырбеио

Кавказтәи абынҽацә – Кавказ иамоу Ажәеиԥшьаа ирахә зегь иреиҳақәоу ирхыԥхьаӡалоуп.
Sputnik
Аԥсқьарцәа ирхырҟьаны 1926 шықәса рзеиԥш Аԥснытәи ашьхақәа рыҟны иамаз абынҽацәқәа аныӡааит, иаанхаз Нхыҵ Кавказтәи ашьхақәа рахь иахыҵны ицеит.
Шықәсқәак раԥхьа Жәлар Реизара адепутат, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны аргылара змоу Резо Занҭариа иӡбеит ианыӡааз ашәарах реиҭарҿиара. Ростовтәии Кавказтәи аҳәырԥсаррақәа рҟынтәи абынҽацәқәа ааганы ианиҵеит.
Абынҽацәқәа ҳабнара ианаалеит, уимоу Sputnik афотокорреспондент ицәымшәаӡакәан иааигәара инеит.
1 / 9

Шықәсқәак раахыс Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аҵакыраҟны ирызҳауеит кавказтәи абынҽацәқәа.

2 / 9

Кавказтәи абынҽацә – Кавказ иамоу Ажәеиԥшьаа ирахә зегь иреиҳақәоу ирхыԥхьаӡалоуп.

3 / 9

Аԥсқьарцәа ирхырҟьаны Кавказтәи абынҽацәқәа Аԥсны ианыӡааит.

4 / 9

Аҵыхәтәаны абынҽацәқәа Аԥсны ианырбаз 1926 -1927 шықәсқәа рзеиԥшшәа ауп. Еиқәхаз Нхыҵ Кавказтәи ашьхақәа рахь иахыҵны ицеит.

5 / 9

Шықәсқәак раԥхьа Аҟәатәи ГЕС атехдиректор Резо Занҭариа иӡбеит ианыӡааз ашәарах реиҭарҿиара.

6 / 9

Аекологцәа данрацәажәа ашьҭахь Ростовтәии Кавказтәи аҳәырԥсаррақәа рҟынтәи абынҽацәқәа ааганы ианиҵеит.

7 / 9

Абынҽацәқәа ҳабнара ианаалеит, дара ахылаԥшра бзиа рымоуп. Акрырҿарҵоит, лассы-ласс аветеринар днеины игәеиҭоит.

8 / 9

Зантариа иҳәеит уаанӡа иара арҭ ашәарахқәа рзышәарацара бзиа ишибоз, аха шықәсқәак раахыс дреилаҳан дышрышьклаԥшуа.

9 / 9

Адепутат аԥхьаҟа игәы иҭоуп Аԥсны ашәарах дуқәа реизырҳара ацхраара.