Аԥсны

Ишьахәу афлористикатә ԥшшәқәа: рашәарамзазы Аԥсны ишәҭуа аҵиаақәа

Рашәарамзазы Аԥсны убла хызкуа ԥшшәхәы рацәала ихҟьоуп. Гәеизҳарыла ауаҩы илаԥшаҿ иааиуеит зеиуахкы уҭаху ашәҭ ссирқәа.
Sputnik
Дыррақәак рыла, ҳтәылаҿы еизҳауеит 3200 ҵиаахкы. 80 ҵиаа инареиҳаны аҭыԥантәиқәоуп. Уи иаанаго, рацәак идуумкәа адгьылҵакырақәа рыҟны изызҳауа Аԥсны ада даҽаџьара иуԥылаӡом, адунеи аботаниказ арҭ хәызмаӡам ҵиаақәоуп.
Sputnik афотолентаҟны – Амагнолиа, Абугенвиллеиа, Агапантус, Абругмансиа. Ашәҭқәа "рыхьӡқәа" реиԥш, дара рхаҭақәагьы акы иалаҩашьом.
1 / 11

Аҟәатәи аботаникатә баҳча – адунеи аҟны акыр зхыҵуа абаҳчақәа ируакуп. Иара убасгьы, хыԥхьаӡара рацәала аҭааҩцәа змоу Аԥсны аҭыԥшӡарақәа ируакуп.

2 / 11

Абугенвиллеиа ичықьны изызҳауа даара иблахгыган ишәҭуа ҵиаауп. Акурорт аамҭазы иахьышәҭуа инамаданы иазхьаԥшуа рацәаҩӡоуп.

3 / 11

Аботаникатә баҳчаҟны иуԥылоит африкатәи алилиа ҳәа изышьҭоу. Иара Агапантус ҳәагь азырҳәоит. Ашәҭ аԥшӡара анаҩсгьы агәабзиараз, аиҵаҵаз рхы иадырхәоит.

4 / 11

Аԥсны иазҳауеит 3200 ҵиаахкы, урҭ рахьынтәи 80 ҵиаа инареиҳаны ара ада даҽаџьара иуԥылаӡом.

5 / 11

Ари зыблақәа ҭбаҟәааӡа иҳахәаԥшуа ашәҭ – Агеоргина, иара 42 хкы ыҟоуп. Еиҳарак иахьуԥыло Мексикеи, Гватемали, Колумбиеи ашьха ҭыԥқәа рыҟны ауп.

6 / 11

Акувшинкақә – атуристцәа зегь реиҳа бзиа ирбаз, аботаникатә баҳчаҿ изызҳауа шәҭуп. Дазусҭазаалакгьы аӡәгьы даҩсӡом афотосахьа ҭымхкәан.

7 / 11

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҟны ирызҳауеит х-нызқь хкы рҟынӡа еиуеиԥшым аҵиаақәа.

8 / 11

Бругмансиа - аекзотикатә хьӡы амоуп ари аҵәҵәа, мамзаргьы аграммофон асахьа змоу ашәҭ. Иара даара афҩы хаа ахылҵуеит.

9 / 11

Ари акавалертә иеҵәа ҳәагь иашьҭоуп, ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу атропикатә шәҭуп.

10 / 11

Ари ашәҭ ссир, иаабац аҳәыркама акәушәа азнаказ ауаҩ игәы иаанагоит. Аха иара ахатәы хьӡы амоуп - Рудбекиа. Иара Американтәи Европа иқәнагалеит, уаҟа абаҳчааӡаҩцәа иргәаԥхеит. Иара ус адунеи зегьы иахыҵәеит.

11 / 11

Иблахкыгоу, адәыкрынԥшшәы змоу ари ашәҭ Voodoo Dancer ахьӡуп. Ауаҩы илаԥш адымхалакәан дзаҩсӡом.