Аԥсны

"Сара ауаа еиқәсырхоит!": Аԥсны АҶА аусзуҩцәа

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа аԥҵан ԥхынгәы 4 2006 шықәсазы, 2016 шықәсазы аминистрра ҳәа ишьақәыргылан.
Sputnik
Сынтәа атәыла аиқәырхаратә министрра 18 шықәса ахыҵит.
Аԥсны АҶА аԥҵахаанӡа, ареспубликаҟны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапаҵаҟа иҟаз абылрацәыхьчаратә маҵзура заҵәык акәын. АҶА аҩнуҵаҟа маҷ-маҷ иаԥҵахеит аиқәырхаратә, ашьха-аиқәырхаратә маҵзура, зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы агәаҭаратә маҵзура, акинологиатә маҵзура, апиротехника, асапиорцәа, иара убас дара рхатәы амедицинатә маҵзура.
АҶА ақәранаӡазы Sputnik еиқәнаршәеит афотопроект. Шәара ишәыднагалоит есыҽны зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, атәым ԥсҭазаарақәа еиқәзырхо рхаҭарақәа.
1 / 17

Вагаршак Давтиан, 36 шықәса ихыҵуеит, Аҟәеи Аҟәа араиони Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә отриад аҷаԥшьаҩ ицхырааҩ. 17 шықәса ҵоит АҶА аҟны аус иуеижьҭеи. 18 шықәса ихыҵуан алеитенант ҳәа ахьӡ анирҭаз, уажәы – акапитан.

"Сара сзын ихадоу – ауаҩы еиқәырхара ауп. Игәахәароуп аӡәы абзиара анизыҟауҵо".

2 / 17

Борис Топчиан, 31 шықәса ихыҵуеит, апрапоршьик, Аҟәеи Аҟәа араиони Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә ҟәша адҵаҟаҵаҩ. АҶА аҟны 12 шықәа аус иухьеит.

"Сара сусура даара исгәаԥхоит, ари азанааҭ саныхәыҷыз гәазыҳәарас исымаз ауп. Сеиқәырхаҩхарц азын аицлабра ӷәӷәа сахысит".

3 / 17

Индира Амҷԥҳа, 40 шықәса лхыҵуеит. Аҟәеи Аҟәа араиони Аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша аҟны дфельдшаруп. 17 шықәса ҵуеит араҟа аус луеижьҭеи. Илызҳаит азинхчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рҭаацәараҟны. Еснагь агәазыҳәара лыман амаҭәа ҷыда аныҟәгара.

"Уус бзиа иумбозар АҶА аҟны аус узуӡом. Сара сзын ихадоуп, ауаҩы иԥсы еиқәырханы амедусбарҭа аҟынӡа инагара. Сара сшәаӡом, араҟа психологиала уӷәӷәазароуп".

4 / 17

Альберт Демерчиан, 29 шықәса ихыҵуеит, Аҟәеи Аҟәа араиони Аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша амцарцәаҩ. Абар уажәшьҭа жәшықәса ҵуеит АҶА аҟны аус иуеижьҭеи. Иусура пату изақәуп ауаажәларра рыцхыраара иахьазхиоу азы.

5 / 17

Аркади Рагамба, 41 шықәса ихыҵуеит. Цандрыԥшь Аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша акомандир. АҶА аҟны 16 шықәса аус иухьеит. Иара ишиԥхьаӡо ала, аиқәырхаҩ – ахӡырымгареи, алеишәеи, аԥсадгьыл абзиабареи илазароуп.

"Ҳара ҳхықәкы хада – ауаҩы иԥсы аиқәырхара ауп. Ари иԥшьоу уалԥшьоуп ҳреспублика иқәынхо, зыԥсадгьыл бзиа избо зегь рзы. Ҳажәлари асасцәеи ршәарҭадаразы".

6 / 17

Рауф Лабиа, 34 шықәса ихыҵуеит, Гәдоуҭа араион Аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша акомандир. АҶА аҟны 13 шықәса аус иухьеит, изанааҭ дазҟазаны иԥхьаӡоит. Ахьчала Пальма – Аҟәеи Аҟәа араиони Аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша аталисман. Ҩышықәса раахыс аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша "амаҵ ауеит" уа иагьынхоит, афотосахьаҭыхра бзиа иабаӡом.

7 / 17

Александр Величко, 25 шықәса ихыҵуеит, АҶА иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы агәаҭаратә маҵзура иатәу аӡхәыҵалаҩ. Хышықәсоуп аус иуеижьҭеи.

Уаанӡа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ аус иуан, иусурҭа ҭыԥ аанижьит АҶА иҟанаҵаз азыҳәала. Ахаангьы ихахьы имааицызт дыӡхәыҵалаҩхоит ҳәа, игәы иҭан деиқәырхаҩхап ҳәа. Аха иаразнак еиликааит изанааҭ ҿыц инапахьы ишизаагоз.

Аӡхәыҵалаҩ-аиқәырхаҩ изы ихадоу – аӡы аҵаҟа аҳауа аиҷаҳара шаҟа илшо ауп ҳәа иԥхьаӡоит иара.

"Даара аҭакԥхықәра зцу усуп, есышықәса схы ԥысшәоит, игәасҭоит сыԥсихикеи сҭакԥхықәреи.

8 / 17

Леила Ҵәыџьԥҳа – апрапоршьик, АҶА амедецинатә усбарҭа афельдшар. Лықәра лымҳәеит, 14 шықәса ҵуеит АҶА аҟны аус луеижьҭеи.

Аус луеит иаарласны иахьнарԥхьо, амҩатә машәырқәеи егьырахь амашәрқәа ахьыҟало аҭыԥқәа рыҟныи, иара убас Аԥсны анҭыҵ ирго дрыцуп.

"Бзиа избоит ауаа ацхыраара рыҭара, адҵа иаразнак анагӡара".

9 / 17

Дмитри Чмеренко, 27 шықәса ихыҵуеит, алеитенант еиҳабы, АҶА иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы агәаҭаратә маҵзура аиқәырхаратә катер акомандир. Ԥшьышықәсоуп араҟа аус иуеижьҭеи. Амшын бзиа ибоит.

"Еснагь амшын бзиа избон, сыԥсҭазаарагь амшын иадҳәалахеит. Уажәшьҭа сусуреи бзиа избо ауси еилазыгӡоит".

10 / 17

Артур Давтиан, 38 шықәса ихыҵуеит, Аҟәеи Аҟәа араиони Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә отриад аҷаԥшьааратә ҟәша аиҳабы. АҶА аҟны 18 шықәса аус иухьеит. Даныхәыҷыз аиқәырхаҩцәа ирызкыз афильмқәа цәгьала бзиа ибон. Амилициа ашкол далгеит, аиқәырхаратә техникхеит.

"Сара исымаз алаԥшра аҟынтәи аиқәырхара алсхит, сагьахьымхәӡеит".

11 / 17

Асҭамыр Шьынқәба, 33 шықәса ихыҵуеит, Тҟәарчалтәи Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә ҟәша астаршин. АҶА аҟны жәашықәса аус иухьеит.

"Раԥхьа инаргылан ауаа ацхыраара рыҭара бзиа избоит, сгәы иаанагоит, зегь раасҭа арыцҳашьара злоу ҳзанааҭ ауп ҳәа".

12 / 17

Эдуард Сурменелиан, 29 шықәса ихыҵуеит, Гәылрыԥшь араион Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә ҟәша акомандир, апрапоршьик. Фышықәса АҶА аҟны аус иухьеит.

Занааҭла ахапыц техникуп, ари аусурҭахь илахьынҵа днанагеит.

"Амашәыр аныҟалалак аамҭаз ашәара азхәыцхагь уоуӡом, ихадоу – ирласны аҭыԥ аҟынӡа анеира, ацхыраара аҟаҵара ауп".

13 / 17

Александр Степаненко, 26 шықәса ихыҵуеит, Очамчыратәи Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә хәҭа аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә хылаԥшра аинспектор. АҶА аҟны ҩышықәсоуп аус иуеижьҭеи. Иаб ишьҭра дықәлеит, даныхәыҷыз инаркны аиқәырхаҩцәа рымаҭәа аныҟәгара дазгәышьуан.

Аиқәырхаҩ агәаӷьра илазароуп ҳәа иԥхьаӡоит.

"Сзанааҭ бзиа избоит, зегь раԥхьа ацхыраара ҳара иахьыҟаҳҵо, ауаа рыԥсқәа ахьеиқәҳархо азы".

14 / 17

Эсма Буава, 38 шықәса лхыҵуеит, Аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә хылаԥшратә усбарҭа аинспектор, амаиор. АҶА аҟны 15 шықәса аус лухьеит.

"Ҳус аҟны ахацәеи аҳәсеи еиҟароуп. Досу иус ҭакԥхықәрала инаигӡоит".

15 / 17

Алмасхан Чкәотуа, 24 шықәса ихыҵуеит, алеитенант-еиҳабы, Аԥсны АҶА Аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша ахьчара аиҳабы, алеитенант-еиҳабы. АҶА аҟны ҩышықәсоуп аус иуеижьҭеи. Иҭакԥхықәроуп ашьхаҭыԥқәа рыҟны ауаа реиқәырхара.

"Сара ауаа еиқәсырхоит, ари ус бзиоуп. Ара аусура салагаанӡа ашьха сцахьан, аха абаржәоуп ашьхақәацәҟьа анызбаз".

16 / 17

Армаз Хоџьаа, 39 шықәса ихыҵуеит, Гагра араион Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә ҟәша амашьынарныҟәцаҩ еиҳабы.

АҶА аҟны фышықәсоуп аус иуеижьҭеи.

Аԥсны Арбџьармчқәа рыҟны арратә ԥшыхәҩыс дыҟан, анаҩс аиқәырхаратә хәҭахьы диасит.

"Ашәара сыцуп, акагьы сацәшәаӡом ҳәа сҳәар уи мцуп. Аха уи ашәара уаиааироуп, еснагь ухиазароуп, угәыҽанызароуп".

17 / 17

Ишхан Геремиан, 51 шықәса ихыҵуеит, Аҟәеи Аҟәа араиони Абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә ҟәша акомандир, апрапоршьик. АҶА аҟны 15 шықәса аус иухьеит.

Уеиқәырхаҩызар – уԥсадгьыл аҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду наугӡоит ҳәа иԥхьаӡоит.