Аԥсны

Аԥшӡара, агьама, агәыкра: иссиру ҳаушьҭымҭацәа

Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа мҩаԥысит. Аҟәа аԥшаҳәа уаақәлар, есыхәылбыҽха аӡә иаҵкьыс аӡә деиӷьны аҿар уԥылон, иршәыз-ирхаз, ишеибыҭаз - уахьыԥшра узымдыруа иԥшӡан, убла хыркуан. Ихәыҷқәоуп ҳәа ҳашрыхәаԥшуаз дара арҭ амшқәа рзы еиқәтәа-еиқәгыла иаацәырҵит.
Sputnik
Сынтәа Аԥсны ашколқәа ирылгеит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ рыбжьара хьтәы медалла иалгаз жәҩык ыҟоуп, раӡныла - хҩык.
Урҭ рахьтә аӡәырҩы ирыӡбахьеит рыԥсҭазаара ззыркуа, адкыларатә ԥышәарақәагьы ирхысхьеит.
Sputnik афотолентаҿы ишәзеизаҳгеит зхы-зҿы зхалашо, зыԥсынҵры духаша ҳҿар-ҳаушьҭымҭацәа.
1 / 27

Рашәарамзеи ԥхынгәымзеи ианреимакыроу аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа ираамҭоуп.

2 / 27

Ашколхәыҷқәа раҳасабала аҵыхәтәантәи рыхәылԥаз ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, аамҭа акыр шыбжьоу аҽазыҟаҵара иалагоит, иршәырҵо-ирхарҵо иашьҭалоит.

3 / 27

Аҭыԥҳацәа амодаҿы иҟоу аҵыхәтәантәи аиҭакрақәа ирыцклаԥшуеит, адунеи аҿы еицырдыруа ауаа рышәҵатәы џьашьахәқәа арбақәану ҭырҵаауеит.

4 / 27

Арԥарцәа ракәзаргьы, акала иаҵахом, аӡәырҩы аклассикатә шәҵатәы алырхуеит, аха убри аан аӡәы излаиеиԥшымхаша акы адыргалоит.

5 / 27

Аклассикатә маҭәа зшәызҵо аҭыԥҳацәа рхы-рҿы дырхиоит абжьааԥнеиԥш акәымкәа, голливудтәи аеҵәахәқәа роума уҳәаратәы, урҭ уадаҩрада иреиканыргьы рылшоит.

6 / 27

Аԥсны аԥштәеиқәаҵәа бзиа ирбоит, ишакәхалакгьы, уи уҭнагоит ҳәа иԥхьаӡаны.

7 / 27

Ахьҩежьԥштәи аиқәаҵәеи еидкыланы иушәуҵар еиӷьымзар, еицәам.

8 / 27

Иацы школмаҭәала еибыҭаны партак еицахатәаз ахәыҷқәа иахьа иааузымдырратәы ирызҳаны ҳаԥхьа иаагылеит.

9 / 27

Имаҷҩым иласу, аԥхын ианаалаша ԥшшәыла еибыҭоу арԥарцәагьы.

10 / 27

Даҽа џьоукых реибыҭашьала аҳҭыԥҳацәа угәаладыршәоит.

11 / 27

Маҷӡак аанхеит иацтәи ахәыҷқәа алекциақәа рҿы итәаны, раԥхьатәи асеминарқәа арҭо иалагарц. Аха макьана урҭ рхы иҭоу ишыԥшӡоу ауаа ирбо-ираҳауа, афотоҭыхыҩцәа рҿаԥхьа инаҳәы-ааҳәуа аҽҭыхра ауп.

12 / 27

Абас ала, Аҟәатәи аԥшаҳәа аԥшӡа цәа аҟәнылоит, аҿар рҭаацәа реиԥш, ақалақьуаа зегь ззыԥшу хҭысхоит ари ашықәс аамҭазы.

13 / 27

Азнык азы идухеит ҳәа ҳазхәаԥшуа аҿар уеизгьы рыбла ахәыҷра хыҳәҳәылоит.

14 / 27

Дара зегьы ргәырӷьара рзыҵәахуам. Ақәыԥшра еиӷьу иҟоузеи!

15 / 27

Иаҳҳәозар, зыблагәы аԥшшәы иеиԥшу акьаҿ зшәызҵаз еиҳагьы дыҭнагоит.

16 / 27

Еимгеимцарак иалагӡаны аӡӷаб дҭыԥҳаха даақәгылоит.

17 / 27

Аччаԥшь уҿықәыхх, ублақәа лашо, уԥхашьаԥхаҵо уҟазар -- иреиӷьӡоу афото алымҵыр ауам.

18 / 27

Абласаркьа еиқәаҵәақәа рхаҵаны арҭ арԥарцәа реиԥш аӡәырҩы ԥагьа-ԥагьа аԥшаҳәа иануп.

19 / 27

Арԥарцәа иршәырҵо акостиумқәагь еиуеиԥшымзар ҟалоит. Абар иеихацыркыраха ари ашәҵатәы ҽаӡәы диламҩашьартә дааҟанаҵеит.

20 / 27

Аиаша ҳҳәап, ашкәакәа еиӷьу ԥштәы ыҟам ахаангьы.

21 / 27

Амаҭәа аганахьала арԥарцәа еиҳа ирықәҿиеит, ҽа знык-ҩынтә иршәырҵар рылшоит.

22 / 27

Аҭыԥҳацәа рзы ус иузҳәом. Рыҵкы ԥшӡақәа знык ада ирышәҵаны ицәырҵуам. Иагьа умҳәан, ус ишоуп дара - еснагь аӡә ддыршанхалар цәгьа ирбом.

23 / 27

Арҭ аҷкәынцәа уажәшьҭа аӡӷабцәа ҭыԥ рызымҭоз, рыхцәқәа ирыхоз ракәым, ԥхьаҟа иԥшуа, адунаӡацәа реиԥш зԥеиԥш иазхәыцуа хацәарԥарцәоуп.

24 / 27

Ҳаӡӷабцәа арҭ ахәылԥазқәа рзы агьама ҳаракы шрымоу, убри аан рых пату шақәырҵо аадырԥшуеит.

25 / 27

Иҟоуп зыблақәа, зхаҿсахьа цәажәо ауаа. Иаҳҳәап, абри арԥыс гәаҭалагьы дшылаша-лашо агәра аагоит.

26 / 27

Асмокинги ахьычԥаԥыр-хәдахаҵеи ахаан угәы рыхшәом, егьа аамҭа царгьы амода иалҵуам.

27 / 27

Ажәакала, ари ахәылԥаз арҭ ахьыбҿар ахаан ргәы иҭымҵәо, еснагь иргәалашәало хҭысхоит.