Есышықәса Аҟәа ақалақь амш азгәарҭуеит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшаз. Сынтәа иара иақәшәеит ԥхынгәы 6 рзы.
1 / 11
Ақалақь амш - Аҟәа иаланхо зегь рзы игәырӷьахәу хҭысуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук
2 / 11
Иара амш азгәаҭараан арахь иаауеит асасцәа рацәаҩны, иара убас Урыстәылантәгьы.
© Sputnik / Томас Тхайцук
3 / 11
Ақалақь аԥшаҳәа иқәыҩуан амузыка...
© Sputnik / Томас Тхайцук
4 / 11
... аҭааҩцәа рзы ачеиџьыка дырхиеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук
5 / 11
Аԥсуа амилаҭтә фатәхкы агьама рбар рылшон изҭаху зегьы.
© Sputnik / Томас Тхайцук
6 / 11
Ақалақь хәыҷқәа ирзеиҿкаан еиуеиԥшымыз агәмырҿыӷьгақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук
7 / 11
Ашахмат инаркны абреик-данс аҟынӡа аицлабрақәа мҩаԥган.
© Sputnik / Томас Тхайцук
8 / 11
Аныҳәа гәыцә хадас иаман иҭрадициахаз аконцерт.
© Sputnik / Томас Тхайцук
9 / 11
Артистцәа еиҿыркааит акыр илахҿыхыз, иблахкыгаз ақәгыларақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук
10 / 11
Аҟәатәи агәашьаркыра аҿаԥхьа еизеит ауаа рацәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук
11 / 11
Дара зегьы бзиа ирбо рықалақь амш азгәарҭеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук