Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара

Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз Аԥсны аҵеицәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргылара иацырҵоит Урыстәылатәи афинанстә цхыраара иабзоураны. Ҳтәыла араионқәа рҿы арҭ аусмҩаԥгатәқәа ахыркәшарахь инеиуеит, иазыԥцәоу аҿҳәара иахьынӡахьӡо, аусурақәа реиҿкаара иацыз акәамаҵамарақәеи, иааидкыланы ахҭыс аҵаки даҳзалацәажәоит Аҟәара араионтә еизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Ҭарба.