Аҟәеи Москвеи рыбжьара 30 шықәса раахыс ираԥхьаӡатәиу аҳаиреимадара хацыркуп

Sputnik
32 шықәса раахижьҭеи аус зымуаз Бабышьратәи аҳаирбаӷәаза уажәшьҭарнахыс иҿыцу аԥсҭазаара аиуеит. Иахьа инаркны Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аусура аофициалла иалагеит, иаднакылоит раԥхьатәи апассаџьырцәа. Иарбан политикатә нырроу, економикатә ҿиароу иаиурц алшо ари ҳтәылазы, атуристтә инфраструктура аизырҳаразы еилаҳкаарц ҳаҽимаадоит аполитолог Беслан Ҳагба.