Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатит Аԥсны Афырхаҵа С. П. Дбар иирамш иазку ацәыргақәҵа. Уи аҟны аҭаацәа ирбар рылшоит 67 фотосахьа, урҭ рахьынтә ҩба ҿыцуп. Ацәыргақәҵа "Афырхаҵара ыӡӡом" хықәкыс иамоуп Сергеи Дбар ихаҭара иаҳа игәылҭәааны аарԥшра, ҳәа азгәалҭеит амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа. Лара лажәақәа рыла, аибашьраҟны иҭыхыз ифотосахьақәа налаҵаны, ашықәс нҵәаанӡа иара изку ашәҟәы еиқәдыршәараны иҟоуп.
Асас: амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.