Лазба Аԥсны аҭыԥҳацәа Аибашьра Ду аҿы рлагала атәы

Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа ирызку адырраҭара "Аԥсҭазаара аҳаҭыраз" арадио Sputnik аефир аҟны. Аҭоурых ианылаз адаҟьа хадақәа, акырзҵазкуаз ахҭысқәа, урҭ аԥсуаа ахьынӡарылахәыз ирзааҭгылоит ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иахьатәи аицәажәара рзаҳкырц ҳаӡбеит Аибашьра ду аҟны хацәнымырха аӷа ихы иаҿагылаз аԥсуа фырԥҳәызбацәа ргәаӷьи рфырхаҵареи. Ҳаицәажәара далахәуп аҭоурых арҵаҩы Лиудмила Лазба.
Асас: аҭоурых арҵаҩы Лиудмила Лазба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь