Тҟәарчалтәи анхарҭа-коммуналтә маҵзурақәа лаҵара 1-2 руха иасыз аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иацырҵоит. Амшцәгьа ауааԥсыра ирнаҭаз ааха ахәшьара арҭоит аспециалистцәа, уи аамышьҭахь араион ахада имҩаԥнаго аусуреи, уи рымчқәа ахьынӡақәхо даҳзалацәажәоит араион Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.