Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара далҵит. Хәажәкыра 15 рзы иара 93 шықәса ихыҵит. Алықьса Гогәуа иҭижьхьеит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк. Иара иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи уаанӡатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь. Иахьа, Жәлар рышәҟәыҩҩы дигәалаиршәоит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Асас: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.